Ажәабжьқәа

Популярное

Аԥсны ахада Александр Анқәаби Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Деонид Тибилови ҭелла еицәажәеит.

373
11.09.2013 15:40

Иахьа аахыҵ уаԥстәылатәи аган иҟанаҵаз абжьагарала имҩаԥысит Аԥсны ахада Александр Анқәаби Аахыҵ  Уаԥстәыла ахада Леонид Тибилови рыбжьара  телла аицәажәара.

Леонид Тибилов агәҭынчымра ааирԥшит Аҟәа урыстәылатәи адипломат ишьра инадҳәаланы, Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынқарреи Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи 5 шықәса ахыҵра амш аламҭалаз иҟалаз.

Леонид  Тибилов Александр Анқәаб зегь рыла дышидгылоу атәы иҳәеит.

Алексндр Анқәаб Леонид Тибилов иҭабуп ҳәа иеиҳәеит иааирԥшыз адгыларазы, аанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иҿы иҟоу Аинформациатә усбарҭа.


Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа