Ажәабжьқәа

Популярное

Аҧсны Ахада Арасаӡыхь ауааҧсыра ақыҭа иамоу ауадаҩрақәа рзы дрыҿцәажәеит

687
19.08.2015 11:26
Аҧсны Ахада Арасаӡыхь ауааҧсыра ақыҭа иамоу ауадаҩрақәа рзы дрыҿцәажәеит
Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Очамчыра араион ахь аусуратә ҭаара мҩаҧигоит. 

 Аҟәа. Август 19. Аҧсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Арасаӡыхь ақыҭа ауааҧсыра дырҧылеит. Аҭыҧаҿы иҟоу апроблемақәа иаартны ирылацәажәеит. Ақыҭауаа ӡыла аиқәыршәареи амҩақәеи рҭагылазаашьа бааҧси акыр иаргәамҵуеит. Рауль Ҳаџьымба – амҩақәа, аӡымҩангагақәа, афымцатә цәаҳәақәа, ихьысҳау аекономикатә ҿиара уҳәа Аҧснытәи ақыҭақәа рҿы иҟоу ауадаҩрақәа зегьы шынеибеиҧшу азгәеиҭеит. Хазы игоу ақыҭақәа рыпроблемақәа аҭыҧ иқәҵо, ҳаҧхьаҟа ақыҭа аҿиара иадҳәалоу, иаку аҳәынҭқарратә программа аҧҵара ахь аиасра хымҧадатәиуп ҳәа далацәажәеит. 

Очамчыра араион Ахада Хьрыҧс Џьапуа араион аҩаӡараҿы иуӡбаша апроблемақәа шыҟоу азгәеиҭеит. Арасаӡыхьтәи абжьаратәи ашкол адиректор Раиса Ҵулукиаҧҳа наҧхгара зылҭо ашкол иамоу ауадаҩрақәа ртәы Аҳәынҭқарра Ахада изеиҭалҳәеит. “Ашкол иҭоуп 52-ҩык аҵаҩцәа. Ахыбра даара ихәҷуп. Убри инамаданы ҳара ҳҵаратә процесс ҩ-сменак ала ишьақәгылоуп”, - ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит Раиса Ҵулукиаҧҳа. 

Аҳәынҭқарра Ахадеи араион анаҧхгареи ааигәа иҟоу ашкол ажәытә хыбра иахәаҧшит. Уи аиҭашьақәыргылара азы аҧара азоужьра иалацәажәеит. 

Рауль Ҳаџьымба ақыҭа ашкол амикроавтобус “Mercedes Sprinter” ҳамҭас иаиҭеит. Арасаӡыхь ақыҭа ахада Рамин Қаџьаа ақыҭауаа рыхьӡала Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз аҳамҭазы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит. Уи, иара убас, атәыла анаҧхгара иалнахыз аҿиаратә курс ишадгыло, ауааҧсыра маҷ-маҷ аизҳазыҕьарахь иҟоу аиҭакрақәа гәарҭо ишалагахьо азгәеиҭеит, ҳәа аанацҳауеит Аҧсны Ахада иофициалтә саит.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа