Ажәабжьқәа

Популярное

Аԥсны Ахада Хьыбла Герзмааԥҳа аорден “Ахьӡ-Аԥша” I аҩаӡара ланеишьеит

573
23.02.2015 11:29
Аԥсны Ахада  Хьыбла Герзмааԥҳа аорден “Ахьӡ-Аԥша” I аҩаӡара ланеишьеит
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Хьыбла Герзмааԥҳа аорден “Ахьӡ-Аԥша” I аҩаӡара ланеишьеит. Жәлар рартистка ари аорден занаршьаз раԥхьаӡатәи аԥсуа ԥҳәысуп.

Ақалақь Аҟәа. Февраль 23. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада аҟазареи акультуреи рҿы жәларбжьаратә азхаҵара зауз ллагала ду азы, Хьыбла Герзмааԥҳа аорден “Ахьӡ-Аԥша” I аҩаӡара ланеишьеит. 

“Ари иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа иахьа раԥхьаӡа акәны аԥсуа ԥҳәызба илоуеит. Гәык-ԥсыкала ашықәс рацәа анҵыреи ақәҿиара дуқәеи шәзеиӷьасшьоит. Шәара шәҟазаратә еихьӡарақәа ҳара зегьы даара ҳаигәырӷьоит, ҳагәгьы рыладууп”, - ҳәа Аҳәынҭқарра Ахада идныҳәаларатә ажәахә аҿы иазгәеиҭеит. 

“Ари сара даара ҳаҭыр сзақәуп”, - аҭакс илҳәеит Хьыбла Герзмааԥҳа. Ашәаҳәаҩ лажәақәа рыла, лара Аԥсныҟа ҷыдала ари аорден аиуразы мышкы заҵәык ҳәа дааит. 

Артистка ихарҭәаау аџьаабаа ду зцу арҿиаратә усура лаԥхьаҟа илзыԥшуп. 

“Сара сыԥсҭазаара аҟазаратә усура аԥхьаҟатәи ашықәсқәа рзы еихшанҵоуп. Уаҵәы Москваҟа сцоит, нас – Венаҟа сымҩа хоуп”, - ҳәа арҿиаратә планқәас илымоу азы азҵаара аҭак ҟаҵо илҳәеит Хьыбла Герзмааԥҳа.

 Ишәгәалаҳаршәоит, Хьыбла Герзмааԥҳа аорден” Ахьӡ-Аԥша” I аҩаӡара ланашьара иазкыз Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Иусԥҟа, Ианар 6, 2015 шықәса рзы иҭыжьын.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа