Ажәабжьқәа

Популярное

Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ААУ аректор Алеко Гәарамиа иира Амш идиныҳәалеит

366
07.09.2016 16:19
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ААУ аректор Алеко Гәарамиа иира Амш идиныҳәалеит
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор Алеко Гәарамиа иира Амш идиныҳәалеит.

Аҟәа. Цәыббра 7. Аҧсныпресс. Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

“Ҳаҭыр зқәу Алеко Алықьса-иҧа!

Гәык-ҧсык ала шәира Амш шәыдысныҳәалоит!

Шәара, иналукааша шәусура, ҳаамҭазтәи алгебра иадҳәаланы акыр зҵазкуа шәусумҭақәа аҭҵаарадыррақәа рыҿиара аус аҿы ахәшьара ҳаракы арҭахьеит.

Шәара, хаҭала шәлагала иабзоураны, иахьа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аҵарадырратә процесс аҩаӡара ҳаракы аҿы имҩаҧысуеит, шықәсырацәалатәи шәусура иалҵшәаны, хра злоу жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә еимадара шьақәгыланы иҟоуп.

ААУ аушьҭымҭацәа еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аҭакԥхықәра злоу амаҵураҭыҧқәа ааныркылоит.

Аҧсны Шәара шәеихьӡарақәа ирызгәдууп. Шәыҧсадгьыл аизҳазыҕьаразы ижәбахьоу аџьабаа ахә ашьара уадаҩуп.

Шәира Амш шәыдныҳәало, ҩаҧхьа агәабзиареи, аизҳазыҕьареи ақәҿиара дуқәеи шәзеиҕьасшьарц сҭахуп”.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа