27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба еицырдыруа аԥсуа поет Мушьни Лашәриа урыстәылатәи апремиа “За верность Слову и Отечеству” ианашьара идиныҳәалеит
582
18.02.2015 16:37
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аԥсны жәлар рпоет,Д. И .Гәлиа ихьӡ зхәу аҳәынҭқарратә премиа алауреат, академик Мушьни Лашәриа диԥылеит.
Ақалақь Аҟәа. Феврал 18. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳада Иусбарҭа. Асас диԥылауа Аҳәынҭқарра Ахада есышықәсатәи А. Дальвига ихьӡ зхәу урыстәылатәи амилаҭтә премиа «За верность Слову и Отечеству» ианашьара идиныҳәалеит.
Аиԥылараҿы Апрезиденти апоети ҳаамҭазтәи аԥсуа уаажәларратә еилазаара аҿы иҟоу апроблемақәеи, атәылаҿы аполитикатәи аекономикатәи аҭагылазаашьеи, Урыстәылеи Аԥсни ирыбжьоу аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи, уҳәа азҵаарақәа ирылацәажәеит.
”Ҳара ҳажәлар, Урыстәыла иҟанаҵо ацхыраара даара гәахәарыла ирыдыркылоит, Аха, иҭышәынтәалоу иӷәӷәоу ҳхатәы економика аҿиаразы даара ирацәаны аус ура аҭахәуп”, – иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.
Мушьни Лашәриа гәаартылатәи аиԥылареи аиҿцәажәареи рзы Апрезидент ҭабуп ҳәа еиҳәеит”. Ишыжәдыруа еиԥш, сара аԥсуа литература зегьы азы даара акрызҵазкуа апремиа санаршьеит. Уи аҳамҭа – схатә ҟазара аҵкьыс, аԥсуа шәҟәҩцәа зегьы адунеитә литератураҿы рлагала азхаҵара ауп иаанаго”, - инаҵшьны иазгәеиҭеит Мушьни Лашәриа .
Аинформациа Аԥсны Ахада ипресс-маҵзура аҟынтәи иаагоуп.
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа





























