27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Женеватәи аилацәажәарақәа русура аеффективра шылаҟәу азгәеиҭеит
509
11.10.2016 10:40
Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба атәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи, иара убас уи ихаҭыҧуаҩ Кан Ҭаниеи идикылеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 11. Аҧсныпресс. Аиҧылараҿы Кавказнҭыҵ аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи рзы Жәларбжьаратәи аилацәажәарақәа 37-тәи араунд аҿы Аҧснытәи аделегациа наҧхгара азҭоз Кан Ҭаниа ииоуз агәрагаразы ҭабуп иҳәеит. Иара убас уи Аҳәынҭқарра Ахада аусуратә ныҟәара алҵшәақәа ртәы изеиҭеиҳәеит.
“Ҭрадициала ишышьақәгылахьоу еиҧш, аусура ҩ-гәыҧкны еихшаны имҩаҧысуан: ашәарҭадареи агәыманитартә зҵаарақәеи рыла. Аҧсни Қырҭтәылеи, Аахыҵ Уаҧстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара амч ахархәара мап ацәкразы аиқәшаҳаҭра абжьаҵара, актәи агәыҧ аҿы зегь реиҳа ихадоу зҵаараны иҟоуп. Аха, ари азҵаара ала хра злоу еиҭакра ҳәа акгьы зыҟамлеит”, – ҳәа азгәеиҭеит аделегациа анаҧхгаҩы.
Кан Ҭаниа иажәақәа рыла, ақырҭуа ган аламҵаӡакәа аганқәа зегьы иарбоу аиқәшаҳаҭра адгылара ишазхиоу азы аҳәамҭа ҟарҵеит.
Иара убас, актәи агәыҧ аҿы Қырҭтәыла атерриториа иахьаҵанакуа НАТО арбџьармчқәа рырратә зыҟаҵарақәа рымҩаҧгара азҵаарагьы шьҭыхын.
Иара убас, Аҧсны Аҳәынҭқарра аделегациа Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи иқәынхо ауаа рзинқәа рыхьчареи рзы иҟанаҵаз ажәахә, иара убас Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара (ООН) Ассамблеиа Хада аҿы есышықәса ирыдыркыло иарбоу атәылақәа рҟынтәи ахҵәацәа ирыдҳәаланы арезолиуциеи акритика азнауит, ҳәа адырра ҟаиҵеит Кан Ҭаниа.
Аусуратә ҭаара аихшьаалақәа ҟаҵо, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Женеватәи аилацәажәарақәа русура аеффективра шылаҟәу азгәеиҭеит.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа