27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Аҧсны Аконституциатә Ӡбарҭа аӡбаҩцәа аҭоуба руит
973
01.01.1970 03:00
Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент аилатәараҿы Аконституциатә Ӡбарҭа ӡбаҩцәас иалхыз рҭоуба аура адкылара ацеремониа мҩаҧысит.
Аҟәа. Абҵарамза 29. Аҧсныпресс. Елена Полуиан. Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент аилатәараҿы Аконституциатә Ӡбарҭа ӡбаҩцәас иалхыз рҭоуба аура адкылара ацеремониа мҩаҧысит. Аҭоуба руит Аконституциатә Ӡбарҭа ӡбаҩцәас иалхыз Рауль Ҧантиеи Лиудмила Хоџьашьвилии. Агәырҕьаратә церемониа ихы алаирхәит Аҧсны Аҳәынҭқрра Ахада Рауль Ҳаџьымба.

Аконституциатә Ӡбарҭа аӡбаҩцәас иалхыз иреиҳаӡоу аквалификациатә класс ранашьоуп. Аҭоуба ҟаҵо, аӡбаҩцәа иазгәарҭеит: “Аконституциатә Ӡбарҭа аӡбаҩ имҵураҭыҧ аҿы аусура хацыркуа, ламыс цқьала аус шызуа, Аҧсны Аконституциатә шьақәгылашьа ахьчара ахьӡала аӡбаҩ иҭакҧхықәра шынасыгӡо, убри аан смаҵзура Аҧсны аҳәынҭқарра Аконституциа мацара ишақәшәо азы Аҧсны жәлар рҿаҧхьа ҭоуба зуеит”.

Ацеремониа иалахәыз Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба инаҵшьны иазгәеиҭеит: “Ҳара, иахьа Аҧсны аҭоурых адаҟьақәа наунагӡа ирныланы иҟоу аусмҩаҧгатә ҳалахәуп. Раҧхьаӡа акәны Аконституциатә Ӡбарҭа аӡбаҩцәа аҧсуа жәлар рҿаҧхьа ҭоуба руеит. Аха рыцҳарас иҟалаз, иахьа Аконституциатә Ӡбарҭа аусура ахацыркра иазхиоуп ҳәа уҳәаратәы иҟам. Ус иҟаларц азы хҩык ирыдымхаргьы аӡбаҩцәа ыҟазар ахәҭоуп. Апарламент ҩаҧхьа иадыргалараны иҟоу акандидатурақәа адгылара роуп ҳәа агәра ганы сыҟоуп. Иахьа ҭоуба зуз аӡбаҩцәа аполитикатә процессқәа рҽадымҳәалакәа қәҿиарала аус аура рзеиҕьасшьоит. Аконституциатә Ӡбарҭа ашьаҭаҿы иҟалар зылшо Азакәани Аконституциеи мацара роуп! Аконституциатә Ӡбарҭа шьақәгыланы, иарбоу аинститут ҳҳәынҭқарра аҿиара апроцесс хра злоу алагалақәа шаланагало агәра ганы сыҟоуп!»

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа