27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Аҧсны активла ахылҿиааратә процесс мҩаҧысуеит “эритея вооруженная” ҳәа акхы змоу ижәҩанҧштәылоу апальмақәа рҿы
517
19.07.2019 15:20
Аҧсны Анаукақәа Ракадемиа аботаника Аинститут аҟәша аиҳабы Сергеи Бебиа Аҧсныпресс акорреспондент диҿцәажәо, шамахамзар џьара иуҧымло “эритея вооруженная” ҳәа акхы змоу ижәҩанҧштәылоу апальма далацәажәеит. Иара иажәақәа рыла, ҳтәылаҿы иҟоу аҧсабаратә ҭагылазаашьақәа ахьазыманшәалахаз азы уи аактивла ахылҿиааратә процесс мҩаҧнагоит.
Аҟәа. Ҧхынгәымза 19. Аҧсныпресс. Ҭамара Ачҧҳа. Уажәы Аҧсны активла иҿиоит, ажәлагьы бзианы ианаҭоит шамахамзар џьара иуҧымло “эритея вооруженная” ҳәа акхы змоу ижәҩанҧштәылоу апальма. “Кубанские новости” иҟанаҵо адыррақәа рыла, Аҧснытәи ироуз ибзиоу ажәлатә материал иабзоураны, ааигәа Шәача ақалақь иҟоу Адендрари аҿы жәа-шьапы инареиҳаны ари аҵиаақәа реизырҳара алыршахеит.
Аҧсныпресс акорреспондент диҿцәажәо Аҧсны Анаукақәа Ракадемиа аботаника Аинститут аҟәша аиҳабы Сергеи Бебиа, “Эритея вооруженная” ҳәа акхы змоу ижәҩанҧштәылоу апальмақәа ҷыдарас ирымоу далацәажәеит.
Сергеи Бебиа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, ари апальма хыҧхьаӡара рацәала ахьӡқәа амоуп – “ижәҩанҧштәылоу”, “мексикатәи”, аха иара “эритея вооруженная” ҳәа аботаникатә хьӡы амоуп. “Аҟәа ақалақь аҿы ари аҵиаа цырақәак роуп иҟоу, урҭ рахьынтә ҩба Аҟәа ақалақь, Аботаникатә баҳчаҿы ирызҳауеит, ажәытә ҵла игылаз хыӡӡаахьеит. Апальмақәа зегьы проблемас ирымоу акызаҵәык ауп – урҭ реиҵааӡара акыр иуадаҩуп, "веерная", “трахикарпус”, “финики канадские” ҳәа зышьҭоу ахкқәа рыда. Арҭ еиқәысыҧхьаӡаз ахкқәа ажәынҭыҕьла иҿиоит”, – ҳәа иҳәеит иара.
Убри аан, Сергеи Бебиа “эритея вооруженная” ажәынҭыҕьла иҿио ахаангьы исымбацт ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. Ари аҵиаахкы акыр ичачатуп, даҽаџьара аитаҳара акыр иуадаҩны иахнагоит. Ари апальма ахкы аиҭаҳаразы зегьы раасҭа иманшәалоу аамҭоуп – лаҵарамза.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа