Ажәабжьқәа

Популярное

Аҧсны акультура Аминистрреи Акәыҧшцәа рбиблиотекеи “Ҳаҧхьоит аклассика” ҳәа акциа хацдыркит

3596
26.05.2020 12:54
Аҧсны акультура Аминистрреи Акәыҧшцәа рбиблиотекеи “Ҳаҧхьоит аклассика” ҳәа акциа хацдыркит
Акциа Аҧсны акультура Аминистрра аофициалтә саити асоциалтә каҭақәа рдаҟьақәеи рҿы лаҵарамза 26 рзы ихацыркхоит, иагьхыркәшахоит рашәарамза 1 рзы.

Аҟәа. Лаҵарамза 26. Аҧсныпресс. Дамеи Касланӡиа. Аҧсны акультура Аминистрра Ареспубликатә акәыҧшцәа рбиблиотека ацхыраарала “Ҳаҧхьоит аклассика” ҳәа онлаин-усмҩаҧгатә еиҿнакаауеит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла акультура Аминистрра апресс-маҵзура.

Акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Ельвира Арасалиа ишазгәалҭаз ала: “Акциа – Абиблиотекақәа Рымши ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амши рызгәаҭара иадҳәалоуп. Уи ахықәкы хада – абиблиотекатә, ашәҟәҭыжьратә ус аҿиареи, аҧхьара абзиабара алааӡареи, аҿар радыҧхьаларазы иҿыцу аформатқәа раҧҵареи ауп. Уи лажәақәа рыла, аусмҩаҧгатә рхы аладырхәраны иҟоу Аминистрреи абиблиотекеи русзуҩцәа, урыстәылатәии аҧснытәии аклассикцәа иреиӷьу рҩымҭақәа ирыҧхьараны иҟоуп.

Убри аан, абиблиотека адиректор Иулиа Еныкь инаҵшьны иазгәалҭеит: “Иахьатәи адунеи аҿы иҟоу аҭагылазаашьаҿы, аҽеиҩшара аҳра анауа аамҭазы, ҳара ҳаҧхьаҩцәа рыҧсҭазаара маҷк иадамхаргьы апозитив алагалара ҳҽазаҳшәеит”.

Акциа Аҧсны акультура Аминистрра аофициалтә саити асоциалтә каҭақәа рдаҟьақәеи рҿы лаҵарамза 26 рзы ихацыркхоит, иагьхыркәшахоит рашәарамза 1 рзы.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа