Ажәабжьқәа

Популярное

Аҧсны акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынхақәа рыхьчареи Аминистрра ақалақь Санкт-Петербург имҩаҧысраны иҟоу V жәларбжьаратәи акультуратә форум иалахәхоит

643
02.12.2016 12:48
Аҧсны акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынхақәа рыхьчареи Аминистрра ақалақь Санкт-Петербург имҩаҧысраны иҟоу V жәларбжьаратәи акультуратә форум иалахәхоит
Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҧсни Урыстәылеи ркультура Аминистррақәа рыбжьара 2017 шықәсазы аусеицура Аплан анапаҵыҩра мҩаҧысраны иҟоуп.

Аҟәа. Абҵарамза 25. Аҧсныпресс. Акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынхақәа рыхьчара аминистр Ельвира Арсалиа наҧхгара зылҭо Аҧснытәи аделегациа иналукааша урыстәылатәи акомпозитор Сергеи Прокофиев диижьҭеи 125-шықәса аҵра иазкны Санкт-Петербург имҩаҧысраны иҟоу V жәларбжьаратәи акультуратә форум иалахәхоит.

Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҧсни Урыстәылеи ркультура Аминистррақәа рыбжьара 2017 шықәсазы аусеицура Аплан анапаҵыҩра мҩаҧысраны иҟоуп.

Иара убас, афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҧсны аҭоурыхтә-культуратә ҭынхақәа Рдепартамент анаҧхгаҩы, аминистр ихаҭыҧуаҩ Баҭал Кобахьиа “Акультуратә ҭынхақәа рыхьчара” асекциа аусура далахәхоит. Уи аиҿкааҩыс иҟоуп Урыстәыла акультура Аминистрра иатәу Афедералтә ҳәынҭқарратә биуџьеттә Акультура Аусбарҭа “Аҭоурыхтә-культуратә баҟақәа рхархәареи рыхьчареи азы Амаҵзура”.

Афорум рхы аладырхәраны иҟоуп акультура аминистрцәа, адипломатиатә миссиақәа рнаҧхгаҩцәа, акультуратә усбарҭа дуӡӡақәа рнаҧхгаҩцәа, акультура аусзуҩцәа, жәларбжьаратәи акультуратә усеицура аганахьала аекспертцәа, уҳәа убас ирацәаҩны аспециалистцәа.

Афорум аусуратә программа иалагалоуп апленартә еилатәарақәа, астол гьежьқәа, адунеитә культура аҿиара актуалтә хырхарҭақәа (акино, атеатр, амузыка, акәашара, амассатә коммуникациақәа уҳәа убас егьырҭгьы) рыла амастер-классқәа.

Санкт-Петербургтәи жәларбжьаратәи акультуратә форум – ари иналукааша плошьадкоуп. Араҟа есышықәса акультура, аполитика, аҳәынҭқарратә мчратә структурақәа, абизнес, уҳәа ахырхарҭақәа рҿы аус зуа аспециалистцәа реиҧыларақәа мҩаҧысуеит. Араҟа, ҳаамҭазтәи адунеитәи урыстәылатәи акультуратә ҧсҭазаара иадҳәалоу, зегь реиҳа актуалра злоу азҵаарақәа ирылацәажәоит.

Афорум ҧхынҷкәын 1 инаркны 3 рҟынӡа имҩаҧыслоит.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа