Ажәабжьқәа

Популярное

Аԥсны амҩаԥысра иаҿуп Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа ралхразы аҿҳәараанӡатәи абжьыҭира

794
29.11.2011 15:29

Аԥсны амҩаԥысра иаҿуп Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа ралхразы аҿҳәараанӡатәи абжьыҭира. Амҽышаҽны, абҵарамза 27 рзы абжьыҭира мҩаԥган Аҟәа ақалақь, ақыҭа Аладатәи Ешыра, Аҟәа араион Гәмсҭа ақыҭа, Гәылрыԥшь араион Маҷара аҳабала.

Аҿҳәараанӡатәи алхрақәа мҩаԥгахалоит ԥхынҷкәынмза 1 аҟынӡа.

Абҵарамза 29 рзы алхрақәа мҩаԥгахоит ақалақьқәа Афон Ҿыци Гәдоуҭеи, иара убасгьы Гәдоуҭа араион ақыҭақәа рҿы: Калдахәра, Абгархықә, Жәандәрыԥшь, Лыхны.

Абҵарамза 30 рзы Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа мҩаԥысуеит Гагра, Пицунда, Гагра арион Бзыԥи Жәандрыԥшьи аҳаблақәа рҿы.

Абжьыҭира рхы аладырхәыр рылшоит Урыстәыла атәылауаа, урыстәылатәи атәылауҩшәҟәы змоу.


Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа