27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Аҧсны аминистрцәа Реилазаара аҿы имҩаҧгаз аилатәара аҿы 2020 шықәсазы аҳәынҭқарратә биуџьет аиқәыршәара иалацәажәеит
215
17.07.2019 12:14
Аилатәара аҿы иааиуа ашықәс азы абиуџьеттә политика хадара злоу ахырхарҭақәа алкаахеит.
Аҟәа. Ҧхынгәымза 17. Аҧсныпресс. Аҧсны аминистрцәа Реилазаара аҿы, аҧыза-министр Валери Бганба ихантәаҩрала имҩаҧысыз аилатәара аҿы, атәыла Анапхгара ахаҭарнакцәеи, аҳәынҭқарратә усбарҭа хадақәа рнапхгаҩцәеи 2020 шықәсазы аҳәынҭқарратә биуџьет аиқәыршәара иалацәажәеит. Абри атәы аанацҳауеит Аҧсны Анапхгара аофициалтә саит.
Аацҳамҭа излаанацҳауа ала, аилатәара аҿы иааиуа 2020-тәи ашықәс азы абиуџьеттә политика хадара злоу ахырхарҭақәа алкаахеит, иара убас Аҧсны аекономика Аминистрра ала аиндикативтә план ашьақәыргылара ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан.
Аилатәара аартуа, аҧыза-министр, абиуџьеттә рбагақәа рышьақәыргылара иазырхоу аусура аҳәынҭқарратә усбарҭа хадақәеи атәыла афинансқәа Рминистрреи реимадареи русеицуреи рыла имҩаҧысуазароуп ҳәа иазгәеиҭеит. “Иааиуа ашықәс азы абиуџьет аиқәыршәара иазку аусура активла имҩаҧысуазароуп. 2020 шықәсатәи абиуџьет хықәкылатәи аҳәынҭқарратә программақәа алагалара азҧхьагәаҭаны измоу ахылаҧшырҭақәа зегьы иахьа инаркны, анаҩс урҭ ианаамҭоу атәыла Анапхгара аилатәарақәа рҿы ирыхәаҧшыртә еиҧш, иахәҭоу анормақәеи адҵақәеи ирықәшәо еиқәыршәоу иарбоу апрограммақәа рыпроектқәа аминистрцәа Реилазаара аппарат ахь адгалара рыхәҭоуп”, – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аҧыза-министр Валери Бганба.
Ахәҭакахьала, аекономика Аминистрра ахаҭарнак, араионқәак рхадарақәа аиндикативтә зҧхьагәаҭа арбагақәа Аминистрра ахь адгалара мҩаҧыргахьеит ҳәа иазгәеиҭеит. Адыррақәа реизгара ашьҭахь, Аплан апроект Аҧсны афинансқәа Рминистрра ахь идәықәҵахоит.
Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, афинансқәа рминистр Џьансыхә Нанба, ҳазҭоу ашықәс азы абиуџьет аныхтә хәҭа ала аплантә рбагақәа 50% рыла анагӡара алыршахеит ҳәа уҳәаратәы иҟоуп ҳәа иазгәеиҭеит. Убри аан, абиуџьеттә лагалақәа ранализ излаҳнарбо ала, урҭ реицҵалыҵ, 2018 шықәсазы аиҧш-зеиҧшу аамҭахәҭа иаҿырҧшны уахәаҧшуазар, 228 миллион мааҭ рыла еиҳауп.
Џьансыхә Нанба иажәақәа рыла, 2020 шықәсазтәи абиуџьеттә зҧхьагәаҭара ахыдҵа хаданы иҟоуп – аҧаратә хархәагақәа рныхра апрограмма-хықәкытә метод ала амҩаҧгара ахь аиасра. “Ари азҧхьагәаҭара аметод иалкаау апрограммақәеи апроектқәеи рынагӡара азы аҳәынҭқарратә финанстә хархәагақәа рышьақәгылареи, урҭ хықәкыла рныхреи, иара убас ахылаҧшра аҩаӡара ашьҭыхреи азы иаку азнеира шьақәнаргылоит. Уи зегьы аҧаратә хархәагақәа рхархәара аеффективра аҩаӡара шьҭнахуеит”, – ҳәа алкаа ҟаиҵеит афинансқәа министр.
Аилатәара аихшьаала ҟаҵо. Аҧыза-министр Валери Бганба, аҳәынҭқарратә финансқәа реизшара аан урҭ рҭышәынтәалареи рбалансркреи аиқәыршәара хадара злоу хыдҵаны иаанхоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. Иара убас, ашәахтәқәеи аизгақәеи реизгара аҩаӡара еизырҳатәуп. “Сара изыхәҭоу зегьы рахь абиуџьет аныхтә хәҭа азҧхьагәаҭара ахшыҩзышьҭра ҕәҕәа арҭарц, асоциалтә ҧхықәра анагӡара ҷыдала иазааҭгыларц, асоциалтә усхкы аҿы абиуџьеттә ныхтә хәҭа аеффективра аизырҳара иазырхоу аусура иацырҵарц азы аҳәара ҟасҵоит”, – ҳәа иҳәеит атәыла Анапхгара Ахада.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа