Ажәабжьқәа

Популярное

Аҧсны амшцәгьа агәҽанҵаразы алаҳәара ҟаҵоуп

683
02.12.2016 11:47
Аҧсны амшцәгьа агәҽанҵаразы алаҳәара ҟаҵоуп
Аҧсны Иҷыдоу Аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра 6-7 балл рҟынӡа инаӡо ацәқәырҧара шыҟало атәы агәҽанҵараазы алаҳәара ҟанаҵоит.

Аҟәа. Ҧхынгәы 2 . Аҧсныпресс. Мадина Чагәааҧҳа. Аҧсны Иҷыдоу Аҭагылазаашьақәа рминистр Лев Кәыҵниа Аҧсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҟаиҵаз адыррақәа рыла, ҧхынҷкәын 3-4 рзы Аҧсны иахьаҵанакуа амшцәгьа агәҽанҵаразы алаҳәара ҟаҵоуп. “Амшын аҿы 6-7 балл рҟынӡа инаӡо ацәқәырҧара ҟалар алшоит, афырҭын кшоит, аҧшаҳәаҿы ақәаршҩы леиуеит, аамҭа-аамҭала ақәаба-сабаа ауеит”, – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Лев Кәыҵниа.

Аха уеизгьы, аминистр иажәақәа рыла, “уи амшцәгьа атәыла иахьаҵанакуа зехьынџьара ишьақәгылоит ҳәа аанагом, иарбоу адыррақәа иалкаау аҭыҧқәа ирыдҳәалоуп”.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа