27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Аҧсны амыфҭы аҧсылманцәа рахь Аурычра Ныҳәа иазку амҵаныҳәара аҩны, ҭаацәашәала имҩаҧыргарц азы ааҧхьара ҟаиҵеит
3498
23.05.2020 20:52
Аҧсны аҧсылманцәа Иаку адоуҳатә Усбарҭа иҧшьоу Аурычра амыз ахыркәшара азы алаҳәара ҟанаҵеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 23. Аҧсныпресс. Дырмит Басариа. Иахьа, амра анҭашәалак ашьҭахь, аҧсылманцәа зегьы рзы Иҧшьоу Аурычра амыз хыркәшахоит. Ари амыз азы аҧсылманра ныҟәызго ҽынла, амра ҭашәаанӡа, афатәи ажәтәи адкылареи, Зегьы Зымчу игәамҧхо аҟаҵареи рҽацәырыхьчоит.
Атәыла Анапхгара иаланаҳәаз акарантин инамаданы, Аҧсны аҧсылманцәа Иаку адоуҳатә Усбарҭа, Аурычра амыз азы ачгара ахыркәшара иазкны Аурычра Ныҳәа (Ураза-Байрам) азгәаҭаразы аџьамаақәа рҿы амассатә усмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгаразы аҧкрақәа аланагалеит.
Аҧсны амыфҭы Ҭемыр Ӡыба атәыла иқәынхо аҧсылманцәа рахь иҟаиҵаз ааҧхьара аҿы иҳәеит: “Аҧсылманцәа зегьы Аурычра Ныҳәа алагара рыдысныҳәалоит! Аллаҳ сиҳәоит ари амыз зегьы иалагӡаны ҳачгареи, ҳматанеирақәеи, хра злоу ҳусқәеи идикыларц. Амыз зегьы Аҧсны аҧсылманцәа, адунеи иқәынхо аҧсылманцәа реиҧш, Аллаҳ илҧха- игәаҧха аиура иақәгәыӷны, амш иалагӡаны, амра ҭашәаанӡа ичгон, аӡы рыжәӡомызт, Зегьы Зымчу игәамҧхо аусқәа рыҟаҵара рҽацәырыхьчон. Згәы рахәым, ачгара зылымшаз зегьы Аллаҳ дырхылыҧшааит. Аллаҳ имҩақәҵара ҳагымхааит зегьы! Акоронавируттә ҿкы чымазара COVID-19 адунеи аҿы алаҵәареи, убри инамаданы ареспублика аҿы акарантин алаҳәареи, ачымазара бааҧсы злаҽыз рхыҧхьаӡара аизҳареи ирыхҟьаны, Аҟәа, Гәдоуҭа иҟоу аџьмаақәа рхылаҧшыҩцәеи аҧсылманцәа Иаку адоуҳатә Усбарҭа ахаҭарнакцәеи реиҿцәажәара ашьҭахь, иара убас егьырҭ атәылақәа рҧышәа ҳасаб азуны, сара Аҟәеи Гәдоуҭеи аџьамаақәа рҿы аныҳәатә мҵаныҳәара иалахәхо ауаа рхыҧхьаӡара излауа ала аиҵатәреи, Аурычра Аныҳәа азгәаҭара иазку амассатә усмҩаҧгатәқәа раҧыхреи рзы аӡбамҭа сыдыскылеит. Иарбоу аӡбамҭа адкылара, аҧсылманцәа реиҧш, Аҧсны ауааҧсыра зегьы авирустә ҿкы чымазара COVID-19 алаҽра рацәыхьчара хықәкыс измоу ашәарҭадаразы Ашариаттә еилкаара иашьашәаланы имҩаҧгоуп. Убри аан, сара ареспублика иқәынхо аҧсылманцәа зегьы рахь Аурычра Ныҳәа иазку амҵаныҳәара аҩны, ҭаацәашәала, мамзаргьы Ашариаттә ҧҟарақәа инарықәыршәаны хазхаҭала имҩаҧыргарц азы ааҧхьара ҟасҵоит”.
Ҭемыр Ӡыба иажәақәа рыла, Ислам азҧхьаҩыра инақәыршәаны, Аурычра Аныҳәа (араб. “Ид аль-Фитр”, тур. “Ураза-Байрам”) азгәаҭара амш аҽны ашьыжьымҭантәи Аллаҳ имҵаныҳәареи аныҳәатә мҵаныҳәареи рыбжьара, иалаҟоу (ибеиоу) аҧсылманцәа малла ихьысҳау аҧсылман дин ныҟәызго ауаа афатә-ажәтә ишьақәыргылоу аизак (Закят аль-Фитр) ала асадаҟы ҟарҵоит. Аурычра Аныҳәа (Ураза-Байрам) 3-мыш иазгәарҭоит, аҧсылманцәа фатәи-жәтәи рыла аишәақәа дырхиоит, ауа-аҭахы, агәыла-азла, аҩыза, адыр, уҳәа зегьы аишәачарахь иаарыҧхьоит.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа