Ажәабжьқәа

Популярное

Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Александр Воински имаҵзура аанижьуеит даҽа усурҭак ахь дахьиасуа иахҟьаны

681
11.01.2012 11:27

Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Александр Воински имаҵзура аанижьуеит даҽа усурҭак ахь дахьиасуа иахҟьаны.
Иахьа Аҳәынҭқарра ахада Александр Анқәаб уи иҭабуп ҳәа иеиҳәеит иџьынџь иахәоу аусқәа рҿы иуалԥшьа ахьынаигӡоз азы.
«Ҳара аҵак ду аҳҭоит Ашәарҭадаратә хеилак аусура, инаҵшьны иагьазгәаҳҭоит шәара шәааԥсара»,- иҳәеит Аҳәынҭқарра ахада. Аҳәынҭқарра ахада дазааҭгыланы иазгәеиҭеит Аԥсны ашәарҭадара арӷәӷәараҿы Александр Воински иеихьӡарақәа. ?))ҷ шықәса инаркны №ҭҭ? шықәсанӡа уи Аԥсны амшынтә арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩс дыҟан. Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ихҵоуп.
«Еибашьтәын азы ҳаибашьит. Ҳара ҳаԥсадгьыл ҳахьчон, убри азы ауп аиааира заҳгаз»,- иҳәеит Александр Воински аибшьра амшқәа игәаларшәо.
Александр Воински иусуразы иҭабуп ҳәа иарҳәеит Аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ Михил Логәуеи Аҳәынҭқарра ахада Иадминистрациа аиҳабы Беслан Кәыбрааи.
Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Станислав Лакоба Александр Воински иусура ахә ҳаракны ишьеит.«Ауадаҩрақәа ихганы иуалԥшьа ҳаҭырла инаигӡон. Сара сгәыӷуеит ҳусеицура иацҵахоит ҳәа»,- иҳәеит Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ.
Александр Воински изанааҭ инақәыршәаны амшынтә баӷәазаҿы аус иулоит.
«Сара агәраганы сыҟоуп Шәара амшынтә усқәа рзы аспециалистцәа шазыҟашәҵало. Урҭ ҳара даара иҳагуп»,- иҳәеит Александр Анқәаб.
Абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭқарра хада иҿы иҟоу аинформациатә усбарҭа.


Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа