Ажәабжьқәа

Популярное

Ажәабжьқәа

16.07.2015 13:42
Автотранспорттә хархәага иаахаз ахқәа ирыхҟьаны амца акит. Амашьына ырццакны аихамҩатә станциа Гәандра аганахьала агәарабжьарамҩахь инаскьаганы Нури Смыр аҭыҵра илиршеит.
16.07.2015 13:07
Афестиваль ақалақь Черқьесск абжьгаралеи Гагра араион Ахадара ацхыраареи рыла еиҿкаауп.
16.07.2015 12:47
Иҟалаз ашьакаҭәара иахҟьаны иҭахақәаз ҟалеит, 448-ҩык ахәра роуит. Урҭ ахҭысқәа зылала избаз реиҳараҩык ашьауҕатә усеилыргара иақәдыршәеит, уимоу, аҧсуа жәлар рмилаҭтә-хақәиҭратә қәҧара иахьалахәыз азы, Асовет Еидгыла аусӡбарҭақәа рыла харада ахара рыдҵан.
16.07.2015 12:45
Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ахада Сонер Гогәуа ансамбль “Шьараҭын” 45 шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит.
15.07.2015 16:26
Атурнир алахәразы раҧхьаӡа акәны Донецктәи Жәлартә Республика аҟынтәи аҧкьаҭымпыл асыҩцәа ааҧхьара рыҭоуп.
15.07.2015 15:19
Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҿы “2016 шықәсазы Аҧсны асоциал-економикатә ҿиара Аиндикативтә план” шьақәырҕәҕәоуп.
15.07.2015 14:23
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба аерманцәа Рхеидкыла ахаҭарнакцәа идикылеит.
15.07.2015 12:47
Аҳәынҭқарратә еилакы “Амшынеиқәафымцамч”  аусуратә гәыҧқәа, иҟалаз аиҧҟьара ахҭыҧҟьақәа рырҽеира иазку аусурақәа мҩаҧыргоит.
15.07.2015 12:01
Аконцерт уаҵәы, иуль 16, Р. Гәымба ихьӡ зху Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаҧысраны иҟоуп.
15.07.2015 11:19
Арҭ амшқәа зегьы ирылагӡаны Акоммуналтә Усбарҭа амаҵзурақәа зегьы ҷыдала ирҕәҕәоу арежим ала аус руан, аӡхыҵра ашьҭахь ақалақь амҩадуқәа ирынхалаз агәам – сами алыкьи рҟынтәи арыцқьарақәа мҩаҧыргон.

Страницы: Пред. 1 ... 439 440 441 442 443 ... 564 След.

Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа