Ажәабжьқәа

Популярное

Аҧсны иҟоу Урыстәыла ашәарҭадаразы Афедералтә Маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа арратә хысратә зыҟаҵарақәа мҩаҧыргеит

699
24.03.2016 10:23
Аҧсны иҟоу Урыстәыла ашәарҭадаразы  Афедералтә Маҵзура  Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа арратә хысратә зыҟаҵарақәа мҩаҧыргеит
Иарбоу азыҟаҵарақәа акадрқәа разыҟаҵаратә системаҿы апрофессионалтә ҽазыҟаҵарақәа ирыхәҭакны иҟоуп.

Аҟәа. Хәажәкыра 24. Аҧсныпресс. Хәажәкыра 22, 2016 шыкәсазы Урыстәыла атәылахьчара Аминистрра иатәу абыжьбатәи Арратә база аполигон аҿы Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа рыла акәылӡтәы техника ахархәарала арратә хысрақәа мҩаҧган.

Еиуеиҧшым аҭагылазаашьақәа рҿы абџьар ахархәара азы адыррақәа раиура- иарбоу арратә зыҟаҵарақәа рхықәкы хаданы иҟоуп.

Аҳәаахьчаратә архәҭақәа рыспецификала, иқәгылоу ауснагӡатәқәа иаарласӡаны аӡбара ахәҭоуп. Убри аан аотриад аҩныҵҟа хымҧада иҟалароуп аццакра, аизыӡырыҩра, аимадара, – ҳәа аанацҳауеит Аҧсны иҟоу Урыстәыла ашәарҭадаразы Афедералтә Маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа