Ажәабжьқәа

Популярное

Аԥсны иара адгьылҵакырахь инанашьҭӡом жәларбжьаратәи амониторингтә еиҿкаарақәа

896
09.11.2011 05:34

Урыстәыла Адунеизегьтәи Ахәаахәҭратә Еиҿкаара алалара инадҳәаланы имҩаԥысуа аурыс-ақырҭуатә еиҿцәажәарақәа рызҵаарала ареспублика ауаажәларратәи аполитикатәи еиҿкаарақәа аҳәамҭақәа ҟарҵеит, урҭ рҿы иазгәаҭоуп ашәарҭара шыҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымразы. Ари азҵаара агәҭынчамра рызнарҵысуеит аԥсуа уаажәларра иааизакны.

Атәыла анапхгара уи азҵаара еилкаарыла, ҳаҭырқәҵарала иазнеиуеит.Аԥсуа ган аофициалла аҳәамҭа ҟанаҵеит аидарақәа аԥсуа-аурыстә ҳәаа аиагара азҵаарала. Аԥсны Аҳәынҭқарра уи адгьылҵакыра иахьаҵанкуа жәларбжьаратәи амониторингтә еиҿкаарақәа нанашьҭӡом. Уи апозициа аиҭакра иақәшәаӡом.

Урыстәылатәи Афедерациа Адунеизегьтәи Ахәаахәҭратә Еиҿкаара алаларазы Қырҭтәылеи Урыстәылеи реиҿцәажәарақәа аԥсуа ган шалахәымызгьы ари азҵаарала урыстәылатәи агани аԥсуа гани аиҿцәажәарақәа рыман. Ҳара ишьақәҳарӷәӷәоит Урыстәыла иара адгьылҵакыраҿ жәларбжьаратәи аудит ианақәшаҳаҭхоз Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә хьыԥшымреи Аԥсны Аҳәынҭқарра азхаҵаразы Ашәҟәынҵеи рызҵаарала алакҩакра шырмоуа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра аиҳабыра агәраганы иҟоуп аԥсуа бизнес азы аҳәааҿы ишаԥу аусуразы ԥынгыла шыҟамло.

Арҭ азҵаарақәа ирылацәжәоит адипломатиатә ҩаӡараҿы урыстәылатәи агани аԥсуа гани рыбжьара.

Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иҿы еиҿкаау Аинофрмациа аусбарҭа аҟынтәи.


Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа