Ажәабжьқәа

Популярное

Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа авидеоконференциа рхы аладырхәуеит

657
14.05.2020 12:50
Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа авидеоконференциа рхы аладырхәуеит
Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент цәыббрамза 30, 2005 шықәса рзы  Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа иалалеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 14. Аҧсныпресс. Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент аделегациа Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа XXXII Аконференциа аҿы аусура иалагеит.

Аконференциа алахәылацәа ҩымш ирылагӡаны авидеоконференцатә еимадара арежим ала 30 инарзынаҧшуа амшхәаҧштә зҵаарақәа ирылацәажәараны иҟоуп. Иахьазы Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа апрофилтә Еилакқәа аилатәарақәа азҧхьагәаҭоуп. Урҭ рхы аладырхәраны иҟоуп Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәагьы. Уаҵәы имҩаҧысраны иҟоу Алада Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа аилатәара ихы алаирхәуеит Жәлар Реизара Аиҳаҩы Валери Кәарҷиа.  Аконференциа иалахәу еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла иҟаҵоу адепутатцәа ражәалагалақәа, рабжьгарақәа, Апарламенттә Ассоциациа иалоу асубиектқәа рзакәанҧҵаратә аҧшьгарақәеи абжьгарақәеи, ахәҭакахьала, акоронавирусттә ҿкы чымазара (COVID-19) алаҵәара аҭагылазаашьа инамаданы аекономика адгылара аҭара азы аҧшьгарақәа, уҳәа  ирылацәажәараны иҟоуп.

Аконференциа алахәхаразы Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент аплошьадка аҿы урыстәылатәи аколлегацәа рыцхыраарала Апарламент адепутатцәа онлаин арежим ала аинтерактивтә усуеицура рыбжьаҵара азы атехникатә зҵаарақәа зегьы рыӡбара алыршахеит.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа