Ажәабжьқәа

Популярное

Аҧсны жәлар рыкәашара аҳәынҭқарратә ансамбль “Кавказ” – 25 шықәса ахыҵит!

274
21.11.2019 20:49
Аҧсны жәлар рыкәашара аҳәынҭқарратә ансамбль “Кавказ” – 25 шықәса ахыҵит!
Аиубилеитә усҩаҧгатә ихы алаирхәит Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба.

Аҟәа. Абҵарамза 21. Аҧсныпресс. Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы Аҧсны жәлар рыкәашара аҳәынҭқарратә ансамбль “Кавказ” – 25 шықәса ахыҵра иазкны аконцерт мҩаҧысит.



Аиубилеитә усҩаҧгатә ихы алаирхәит Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба.



Аҳәынҭқарра Ахада жәлар рыкәашара Аҳәынҭқарратә ансабль “Кавказ” аколлектив дрыдныҳәалеит: “Иҳаҩсыз ашықәсақәа ирылагӡаны ансамбль аихьӡара дуқәа аиухьеит, аколлектив еицырдыруеит ҳтәыла анҭыҵ иҟоу аҳәынҭқаррақәа жәпакы рҿы. Ишәзеиҕьасшьоит аринахысгьы арҿиаратә маншәалареи ақәҿирақәеи”.

Рауль Ҳаџьымба аиубилеи ахь иааз жәлар рыкәашара азы нхыҵкавказтәи ансамбльқәа рнапхгаҩцәа иҟарҵаз ахшыҩзышьҭра азы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.



Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа