27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Аҧснытәи аҳақьымцәа рзанааҭтә дырра аҩаӡара аизырҳара иазку акурсқәа мҩаҧгахоит
806
06.11.2017 12:22
Аҧсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Цахнакиа Урыстәылатәи адиплом аиурашьҭахьтәи амедицинатә Академиа ахаҭарнакцәа дырҧылеит.
Аҟәа. Абҵарамза 6. Аҧсныпресс. Аҧсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Цахнакиа аҧснытәи аҳақьымцәа рзанааҭтә дырра аҩаӡара аизырҳара иазку акурсқәа рымҩаҧгаразы Москвантәи Аҧсныҟа иааз Урыстәылатәи адиплом аиурашьҭахьтәи амедицинатә Академиа ахаҭарнакцәа дырҧылеит. Абри атәы аанацҳауеит агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.
Ҭамаз Цахнакиа инаҵшьны ишазгәеиҭаз ала: “Аҧснытәи аҳақьымцәа рзанааҭдырра аҩаӡара аизырҳара иазку апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны хәы-шықәса рахь хымҧада инагӡатәны иҟоу асертификациатә курсқәеи, иара убас, хазы игоу мызкы иалагӡоу аквалификациатә курсқәеи мҩаҧгахоит. Иара убас, ҳара Москва ақалақь аҿы еиҧш, Аҟәагьы еицымҩаҧгахо амастер-классқәа, аҭҵаара-ҧышәатә конференциақәа, асеминарқәа ҳхы рылаҳархәараны ҳаҟоуп. Ари раҧхьатәи етапуп. Акурсқәа аҧышәара аҭирала ихыркәшахоит. Уи аҭиралеи, анаҩс асертификат аиуралеи ауп ҳақьымс аусура ацҵара азы азин шыҟало”.
Ахәҭакахьала, Еиҧҟьарадатәи Апрофессионалтә Ҵараиура азы Урыстәылатәи Амедицинатә Академиа агинекологиеи ахәыҷышьҭыхреи ркафедра аҵара ҟәша аиҳабы Маргарита Скорцова инаҵшьны иазгәалҭеит: “Агәра ганы сыҟоуп, ҳусеицура алҵшәа бзиа аанарҧшраны ишыҟоу, Аҧснытәи агинекологцәа рзанааҭдырра аҩаӡара аизырҳара аҿы ақәҿиарақәа шаҳзыҧшу”.
Азанааҭдырра аҩаӡара иазку акурсқәа аҧснытәи аҳақьымцәа рзы хәыда-ҧсада имҩаҧгахоит, уи аҳәынҭқарратә биуџьет ахарџьала еиҿкаахоит. Аҧышәара рзымҭикәа иҟалар, аҳақьымцәа рхатәы харџь ала акурсқәа еиҭахысыр акхәоит.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа