Ажәабжьқәа

Популярное

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә телерадио Еилахәыра аҿы иҟалаз аҧжәара инамаданы Аҟәа ақалақь апрокуратура ала ашьауҕатә усеилыргара хацыркуп

603
17.10.2016 14:42
Аҧснытәи аҳәынҭқарратә телерадио Еилахәыра аҿы иҟалаз аҧжәара инамаданы Аҟәа ақалақь апрокуратура ала ашьауҕатә усеилыргара хацыркуп
Уажәазы ахҭыс бааҧсы ахьыҟалаз аҭыҧ ахәаҧшра хыркәшоуп.

Аҟәа. Жьҭаарамза 17. Аҧсныпресс. Лана Ҵәыџьҧҳа. Аҧсныпресс акорреспондент диҿцәажәо Аҟәа ақалақь апрокурор Руслан Ҭырқьба иҟаиҵаз адыррақәа рыла, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә телерадио Еилахәыра аҿы иҟалаз аҧжәара инамаданы Аҧсны Ашьауҕатә Кодекс ахәҭаҷқәа ҩба рыла: 198 -тәи ахәҭаҷ актәи ахәҭа ала – атерроризм иадҳәалоу акт, 217-тәи ахәҭаҷ актәи ахәҭа ала – иҭҟәацуа амаҭәашьар закәандарыла аахәара, аҵәахра, аиагара, аныҟәгара иадҳәалоу акт, ашьауҕатә усеилыргара хацыркуп.

“Уажәазы, ахҭыс бааҧсы ахьыҟалаз аҭыҧ ахәаҧшра хыркәшоуп. Иҭахаз ауаҩы ихаҭара ашьақәыргыларазы аусмҩаҧгатәқәа мҩаҧысуеит”, – ҳәа адыррақәа ҟаиҵеит Руслан Ҭырқьба.

(АП): Иахьа жьҭаарамза 17 рзы, асааҭ 7:15 инарзынаҧшуа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә телерадио Еилахәыра иахьаҵанакуа аҧжәара ҟалеит. Дҭахеит ауаҩы. Уи ихаҭара макьаназы ишьақәыргылаӡам.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа