Ажәабжьқәа

Популярное

Аԥснытәи аделегациа Сириаҟа ицеит

688
17.01.2012 11:36

Ажьырныҳәамза ?џ рзы Сириаҟа ицеит Аԥсадьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Зураб адлеиба напхгара ззиуа Аԥсны аделегациа. Аԥснытәи аделегациа иара убасгьы иалоуп адәныҟатәи аусқәа рминситрра Ҭырқәтәылеи Ааигәатәи Мрагылареи рыҟәша аиҳабы Инар Гыцбеи, Ҭырқәтәыла Аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа аиҳаба Феридун Аҟәысбеи.
Сириа аҭаара хықәкыс иамоуп аҭагылазаашьа аҭҵаара, иара убасгьы уа инхо ҳауаажәлар рҭагылазаашьа аилкаара.
Аделегациа Сириа инеиуеит ажьрынҳәамза №ҭ рзы.
Ишәгәалаҳаршәоит, хыԥхьаӡара рацәала ҳашьцәа ахьынхо Сириа иҟоу аҭагылазаашьа аиҟхьаны Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминситрра зныкымкәа ааԥхьара ҟанаҵеит рҭоурыхтә Ԥсадгьыл ахь ихынҳәырз зҭаху ҳџьыньуаа ацхыраара шырзыҟаҵахо ала.
Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминситрра апресс-маҵзура.


Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа