Ажәабжьқәа

Популярное

Аԥснытәи аиҳабыратә миссиа Сириатәи адиаспореи дареи аимадара рыбжьарҵеит

749
23.01.2012 11:37
Аԥснытәи аиҳабыратә миссиа Сириатәи адиаспореи дареи аимадара рыбжьарҵеит

Аԥснытәи аиҳабыратә миссиа Сириатәи адиаспореи дареи аимадара рыбжьарҵеит, иара убасгьы Сириа иҟоу адиаспора ахаҭарнакцәа рҭахрақәа еилыркааит, - аанацҳауеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
Мшқәак раԥхьа Аԥснытәи аиҳабыратә миссиа Сириатәи Арабтәи Республика аҳҭнықалақь Дамаск иаҭааит иҟоу ихьанҭоу аполитикатә аамҭа аан аԥсуа диаспора рҭагылазаашьа аилкааразы, иара убасгьы зыԥсадьыгл ахь ахынҳәра зҭаху ҳауаажәлар рыцхырааразы иҟаҵатәу ашьаҿақәа рылацәажәаразы.
Аԥсныҟа архынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Зураб Адлеиба напхгара ззиуаз аделегациа иалан Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ҭырқәтәылеи Мрагылара ааигәеи рыҟәша аиҳабы Инар Гыцбеи Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуатә культуратә центрқәа Рфедерациа аиҳабы Феридун Аҟәсбеи.
Аусуратә визит актәи амш аҽны аделегациа иԥылеит Сириа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Азамат Кульмухаметов.
Кульмухаметов иазгәеиҭеит Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәара ишазыхиоу еиуеиԥшым азҵаарақәа рыла адгылара.
Аԥснытәи аиҳабыратә миссиа иара убасгьы иаҭааит ачеркесстә культуратә центр «Адыга хасе», уи еиднакылоитт Сириа иқәынхо Кавказ ажәларқәа рхылҵшьҭрақәа. Аԥсуа миссиа рыҿцәажәаразы аиԥыларахь инеит ?ҭҭ-ҩык рҟынӡа аԥсуааи адыгааи.
Аԥснынтәи асасцәа ирзеиҭарҳәеит «Адыга Хасе» аусушьа, кавказтәи акультура аиқәырхара, агәыҳалалра анапы шалаку, иара убасгьы атәыла ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара активла ишалахәу.
џҭҭ ҭаацәара рҟынӡа «Адыга Хассе» аҟынтәи аматериалтә цхыраара роуеит.
Адиаспора ахаҭарнакцәа рԥылара аан ирылацәажәеит хыԥхьаӡара рацәала азҵаарақәа, урҭ рахьтә Аԥсадгьыл ахь ахынҳәра, аҭыԥ ҿыц аҿы адаптациа, анхара, аԥсуа атәылауаҩра аиура, аҵарадырра, аусбарҭақәа рыԥшаара.
Аусуратә визит аҩбатәи амш азы аделегациа ахаҭарнакцәа ҳауаажәлар ирԥылон, иҟоу аҭагылазаашьа аҭҵаареи аимадареи азҵаарақәа ирызкын. Аԥсны Аҳәынҭқарра аиаҳабыратә миссиа ҩымш рыҩнуҵҟала ирԥылеит Сириа инхо №ҭҭ-ҩык рҟынӡа адиаспора ахаҭарнакцәа.
Иааизакны Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа Сириа рнеира адиаспора аинтерес рызцәырнагеит, ргәы еизнарҳаит. Ари авизит иаанарԥшит еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны Аԥсадгьыл анҭыҵ инхо ауаажәлар ишрызхәыцуа аԥсуа ҳәынҭқарраҿы. адиаспора ахаҭарнакцәа зныкымкәа Аԥсны анапхгара иҭабуп ҳәа рзаарыцҳаит иаадырԥшыз адгыларазы, аҭагылазаашьа акыр ишуадаҩгьы Аԥсадгьыл ахь рырхынҳәра ишадгыло.
Излеилкаахаз ала иуадаҩуп Сириа инхо аԥсуаа рхыԥхьаӡара аилкаара.Сириа инхоит ԥ-?ҭ нызқьҩык аԥсуаа. Амиссиа иалахәыз ирԥылеит абарҭ ажәлақәа зыжәлоу ауаа: Абаза, Агрба, Маршьан, Гьечба, Чичба, Анқәаб, Маан, Ҵәыџьба, Арҩҭаа, Леиба, Кхыџба, Патеипа. Урҭ зегьы Аԥсны аҭагылаазашьахь азҿлымҳара ду аадырԥшит. Ирацәаҩын ахынҳәра иадҳәаланы иналкааны азҵаарақәа ҟазҵоз.Аԥсуа миссиа злахәыз аиԥылара иаҭааит иара убасгьы аҭаацәара ианалала ашьҭахь Сириаҟа нхара ииасыз Аԥсны атәылауаа.
Аделегациа зԥылаз адиаспора ахаҭарнакцәа реиҳараҩык еицҿакны иазгәарҭон иаразнак зегьы Аԥсныҟа рырхынҳәра шзалмыршахо. Аха фҭаацәарак реиҳабацәа иазгәарҭеит ргәы ишҭо иаарласны Рыԥсадгьыл ахь ахынҳәра.Урҭ иахәҭоу ацхыраара рзыҟаҵахоит. Ҩажәаҩык инареиҳаны Аԥсныҟа иаарц шырҭаху рҳәеит, иҟоу аҭагылаашьа аҭыԥ аҿы аилкаара. Сириа иҟоу ҳашьцәа ирдыруазарц рҭыхуп аԥсуа уаажәларра иадгылома урҭ рыхынҳәра.
Адиаспора аҩнуҵҟа аҭагылзаашьа аҭҵааразы, абызшәеи акльтуреи реиқәырхаразы, Сириа иҟоу ҳауаажәлар рхыԥхьаӡара аилкааразы ажәалагала ҟаҵан аԥсуа ауаажәларратәи акультуратәи еиҿкаарақәа аԥҵазарц азы. Уи иаҭахуп еиӷьны ахылаԥшаразы аԥсадгьыл ахь ахынҳәра апроцесс.
Ҭырқәтәыла имҩаԥысит адиаспора ахаҭарнакцәеи, аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ахаҭарнакцәа рԥылара.Уа ирылацәажәеит Сириа инхо ҳауаажәлар рыцхыраара иазку азҵаарақәа.
Аусуратә визит иалҵшәаны аԥсуа аиҳабыратә миссиа ирылшеит аинформациа аизгара, аимадара ашьақәыргылара, Сириа инхо ҳауааажәлар ирыгу ирыбзоу аилкаара.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра, Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы, Аԥсны Аҳәынҭқарра аусбарҭақәеи аиҿкаарақәеи ргәы иҭоуп ҩаԥхьагьы Сириа инхо ҳџьынџьуаа рырхынҳәра ацхыраара рзыҟаҵара.


Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа