Ажәабжьқәа

Популярное

Аҧснытәи Амилаҭтә Банк агәаларшәагатә ҧсарқәа ҭнажьуеит

601
31.10.2016 12:12
Аҧснытәи Амилаҭтә Банк агәаларшәагатә ҧсарқәа ҭнажьуеит
Аҧснытәи Амилаҭтә Банк агәаларшәагатә ҧсарқәа рескизқәа аҧҵаразы аконкурс амҩаҧгаразы алаҳәара аланарҵәеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 31. Аҧсныпресс. Аҧсны Амилаҭтә Банк иааиуа 2017 шықәсазы зыхә дуу аматериал иалху аинвестициатә гәаларшәагатә ҧсарқәа рҭыжьра азҧхьагәанаҭоит. Убри инамаданы, уи агәаларшәагатә ҧсарқәа рескизқәа аҧҵаразы аконкурс амҩаҧгаразы алаҳәара аланарҵәеит.

Иааиуа ашықәсазы абарҭ аҧсарқәа рҭыжьра азҧхьагәаҭаны иҟоуп:

– “Аҧсҳа Леон”–ахьы иалху;
– “Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Университет”– араӡны иалху, иара убас, ахьӡы зхьыршоу аелементқәа злоу араӡны ҧсарқәагьы;
– “Ҭоурыхла Аҧсны аус зуаз аҧарақәа” – ахьы иалху, араӡны иалху, иара убас, ахьӡы зхьыршоу аелементқәа злоу араӡны ҧсарқәагьы.

Аконкурс иалахәхарц рылшоит уи азы агәазыҳәара змоу зегьы. Аескизқәа рыдыркылалоит 01.02.2017 ш.

Убри аан, Аҧсны Амилаҭтәтә Банк иҟанаҵо адыррақәа рыла, иалагалахо аескизқәа зегьы 2-етапкны иҟоу аконкурс лыҧшаара иахысраны иҟоуп. Актәи алыҧшааратә етап Аҧсны Абанк аофициалтә саит аҿы еиҿкаахо абжьыҭирала имҩаҧгахоит. Аҩбатәи аетап ахь инагахоит зегь реиҳа абжьқәа зауз аескизқәа. Урҭ анаҩстәи алыҧшаара иахысуеит Абанк Анаҧхгараҭара аҿы. Актәи аетап аҿы зегь реиҳа абжьқәа зауз 5-ескизк равторцәа 25 000 мааҭ рҟынӡа инаӡо аҧаратә ҳамҭа ранашьахоит. Абанк Анаҧхгараҭара аҿы имҩаҧгахо аконкурс ҩбатәи аетап аҿы ишьақәырҕәҕәахо аескизқәа равторцәа автортә еиқәшаҳаҭра рыбжьаҵахоит, иара убас, 100 000 мааҭ рҟынӡа инаӡо аҧаратә ҳамҭа ранашьахоит.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа