Ажәабжьқәа

Популярное

Аҧснытәи анаплакқәа 14 ацәыргақәҵа “Ихьыҧшшәылоу ҭагалан – 2016” аҿы рхы аладырхәуеит

611
06.10.2016 12:12
Аҧснытәи анаплакқәа 14 ацәыргақәҵа “Ихьыҧшшәылоу ҭагалан – 2016” аҿы рхы аладырхәуеит
Урыстәылатәи агроааглыхратә цәыргақәҵа “Ихьыҧшшәылоу ҭагалан – 2016” Москва ақалақь аҿы имҩаҧысуеит.

Аҟәа. Жьҭаара 6. Аҧсныпресс. Москва, агроааглыхратә цәыргақәҵа “Ихьыҧшшәылоу ҭагалан-2016” аҿы рхы аладырхәуеит Урыстәыла асубиектқәа рҟынтәи 1,5 нызқь инарзынаҧшуа анаплакқәа. Аҧснытәи аделегациа иарбоу агробизнесфорум абар шьҭа хәынтәны аҽаланархәуеит. Аҧсны аофициалтә деллегациа наҧхгара аиҭоит Аҧсны аҧыза-министр Беслан Барцыц. Абри атәы Аҧсныпресс иазаарыцҳаит Аҧснытәи Жәларбжьаратәи акультуратә-усуратә Центр аҟынтәи.

Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҧсны аҧыза-министр, иара убас ақыҭанхамҩа аминистр Даур Ҭарбеи Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аҧсны ахәаахәҭра Ахаҭарнак Олег Барцыци Урыстәылатәи Афедерациа ақыҭанхамҩа аминистр Алеқсандр Ткачиови Нижегородтәи аобласть агубернатор Валери Шанцеви реиҧылара мҩаҧысит.

Аҧсны ахьӡала ақыҭанхамҩатә аалыҵ аарыхра знапы алаку 14 наплакы ацәыргақәҵа рхы аладырхәит.

Аҧснытәи аарыхыҩцәа агроааглыхратә цәыргақәҵа “Ихьыҧшшәылоу ҭагалан – 2016” аҿы рхалархәра Аҧсны Аҳәынҭқарра Анаҧхгареи Урыстәылатәи Афедерациа аҿы Аҧсны Ахәаахәҭра Ахаҭарнакреи, Аҧснытәи Жәларбжьаратәи акультура-усуратә Центри рыбзоурала иҟалеит.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа