Ажәабжьқәа

Популярное

Аҧснытәи аспортсмен ҿарацәа аӡиудо азы Урыстәылазегьтәи аицлабрақәа рҿы ахьтәы медалқәа раиура рҽаҧсартәит

614
24.10.2017 10:57
Аҧснытәи аспортсмен ҿарацәа аӡиудо азы Урыстәылазегьтәи аицлабрақәа рҿы ахьтәы медалқәа раиура рҽаҧсартәит
Ажәлар ракзаара Амш иазкны традициала иаарту аӡиудо азы Урыстәылазегьтәи аицлабрақәа Маиҟәаҧ ақалақь аҿы имҩаҧысит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 24. Аҧсныпресс. 2001-2003 шш. рзы ииз арҧарцәеи аҭыҧҳацәеи рыбжьара аӡиудо азы иаарту Урыстәылазегьтәи аицлабрақәа  Маҟәаҧ ақалақь аҿы имҩаҧысит.

Атурнир рхы аладырхәит Адыгеиа, Ҟабарда-Балкариа, Калмыкиа, Ростовтәи аобласти Краснодартәии Ставропольтәии атәылаҿацәқәеи рҟынтәи 18 команда аилазаара иалоу 190-ҩык аспортсменцәеи, иара убас Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьӡала Гал ақалақь Ахадара аҿари аспорти рзы Аилак аӡиудо асекциа аспортсмецәеи.

Аицлабрақәа реихшьаалақәа рыла, ҳара ҳаспортсменцәа ахьтәы медалқәа хҧа раиура рҽаҧсартәит – Валери Ҕәынџьиа (ак/к – 52 кь), Ипполит Аҟәбардиа (ак/к – 42 кь), Сабри Бигәаа (ак/к – 55 кь). Араӡны медал – Сабрина Мамед-оглы (ак/к – 63 кь), аџьазтә медалқәа ранашьахеит Арчил Аҟәбардиеи (ак/к – 55 кь) Лука Кәарацхьелиеи (ак/к – 46 кь).
 
Акоманда азыҟалҵеит Анастасиа Погосова.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа