Ажәабжьқәа

Популярное

Аҧснытәи аспортсмен ҿарацәа – абокс азы Жәларбжьаратәи атурнир аҧхьахәқәа ргеит

279
19.02.2019 13:04
Аҧснытәи аспортсмен ҿарацәа – абокс азы Жәларбжьаратәи атурнир аҧхьахәқәа ргеит
Аспортсменцәа азыҟарҵоит Беслан Адлеиба, Олег Тарасов, Едуард Депелиан, Иракли Цурцумиа.

Аҟәа. Жәабранмза 19. Аҧсныпресс. Донецк ақалақь аҿы Аспорттә Клуб “Золотые перчатки” 31- шықәса ахыҵра иазкны абокс азы Жәларбжьаратәи атурнир мҩаҧысит. Атурнир рхы аладырхәит Лугансктәи Жәлартә Республика, Донецктәи Жәлартә Республика, Ермантәыла, Аахыҵ Уаҧстәыла рҟынтәи акомандақәа. Аҟәа ақалақь Ахадара, аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Аилак аицлабрақәа рахь идәықәнаҵеит еизгоу акоманда.

Аҧснытәи аспортсменцәа, еиуеиҧшым ақәратәи акапантәи категориақәа рҿы қәҿиарала иқәгылеит:
– 1-тәи аҭыҧ – Аинар Џьопуа (ак/к 64 кь, 2001-2002 шш/ииз); Нестор Џьанба (ак/к 38,5 кь, 2003-2004 шш/ииз); Алик Мельниченко (ак/к 38,5 кь, 2007-2008 шш/ииз);
– 2-тәи аҭыҧ – Русҭам Трапизониан (ак/к 50 кь, 2003-2004 шш/ииз); Ашот Џьидариан (вакк 54 кь, 2003-2004 шш/ииз), Алмас Адлеиба (ак/к 54 кь, 2003-2004 шш/ииз); Владимир Хоџьикиан (ак/к 75 кь, 2001-2002 шш/ииз).

Аспортсменцәа азыҟарҵоит Беслан Адлеиба, Олег Тарасов, Едуард Депелиан, Иракли Цурцумиа.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа