Ажәабжьқәа

Популярное

Аҧснытәи аспортсменцәа арҧарцәа рыбжьара зхы иақәиҭу аиқәҧара азы Урыстәыла Аҧхьахәгара аҿы аҧхьахә ҭыҧқәа ааныркылеит

456
23.10.2017 11:25
Аҧснытәи аспортсменцәа арҧарцәа рыбжьара зхы иақәиҭу аиқәҧара азы Урыстәыла Аҧхьахәгара аҿы аҧхьахә ҭыҧқәа ааныркылеит
Жәаф шықәса зхымҵыц арҧарцәа рыбжьара зхы иақәиҭу аиқәҧара азы Урыстәыла Аҧхьахәгара Москватәи аобласть арзҩыдаратә-спорттә база “Чехов” аҿы имҩаҧысит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 23. Аҧсныпресс. Аҧснынтәи жәҩык аспортсменцәа иарбоу аицлабрақәа рхы аладырхәит.

Аҧхьахәгара аихшьаалақәа рыла, 69 кьыла рҟынӡа иҟоу акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара актәи аҭыҧ ааникылеит Богдан Багаҭелиа. Аспортсмен дазыҟаиҵоит – Ҭемыр Џьопуа.

63 кьыла рҟынӡа инаӡо ақәратә категориа иаҵанакуа рыбжьара ахҧатәиаҭыҧ ааникылеит  Марат Кокосқьериа, азыҟаҵаҩ – Дауҭ Лазба.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа