27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Аҧснытәи астудентцәа анаукатә конференциа рхы аладырхәит
585
01.12.2016 12:02
Астудентцәа ргәаанагарала, ас еиҧш иҟоу апроектқәа ралахәхара – хәы змаӡам ҧышәоуп.
Аҟәа. Ҧхынҷкәын 1. Аҧсныпресс. Москва ақалақь аҿы Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә агуманитартә университет Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара X Жәларбжьаратәи аҭоурыхтә модель ҳәа хыс измаз астуденттә наукатә конференциа мҩаҧысит. Уи иалагӡаны астудентцәа, аспирантцәа, уҳәа егьырҭ академикатә еилазаарақәа рхаҭарнакцәа Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аусбарҭақәа русура ахаҿы аагара иадҳәалаз аусмҩаҧгатәқәа иалахәын.
Аусмҩаҧгатә анагӡараан, алахәылацәа еиуеиҧшым аилакқәа рҿы аилатәарақәа мҩаҧыргон (Ассамблеиа Хада, ауаҩы изин ахьчаразы Акомиссиа, ашәарҭадаразы Ахеилак, уҳәа убас егьырҭгьы), Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара атәыла-алахәылацәа рофицалтә хаҭарнакцәа рроль нагӡо амшхәаҧштә инақәыршәаны иқәгылон.
Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет, “Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҭоурыхи ртеории” акафедра астудентцәагьы – Аманда Ҭраҧшь, Лаура Ҭаниа, Асҭанда Жьиба, Сабина Аҳәба аконференциа рхы аладырхәит. Астудентцәа ргәаанагарала, ас еиҧш иҟоу апроектқәа ралахәхара – хәы змаӡам ҧышәоуп. Урыстәылеи егьырҭ атәылақәеи рҟынтәи аконференциа алахәылацәа иформалтәиим реиҧыларақәа раан, урҭ актуалра злоу азҵаарақәа рыла ргәаанагарақәа аҳәареи, ҳтәылаҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьеи, иара убас, уи акультуреи атрадициақәеи рылацәажәара азы алшара роуит.
Астудентцәа иарбоу аконференциа ралахәхара, Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Аилак, Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Университет аҿы аҵара зҵо аҟыбаҩ злоу астудентцәа рыцхыраара иазырхоу апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟанаҵаз адгылара иабзоурахеит.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа