Ажәабжьқәа

Популярное

Аԥсуаа азыхиоуп Сириантәи Аԥсныҟа нхара аиасра

594
06.04.2012 12:19

Сириатәи Арабтәи Ареспубликаҿы инхо аԥсуаа рыԥсадгьыл ахь архынҳәра азҵаарақәа ирызку аилатәара мҩаԥигеит аҳәынҭқарра ахада Александр Анқәаб. Аилатәара иара убасгьы иалахәын аԥыза-министр Леонид Лакербаиа, адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭуԥуаҩ Иракли Хьынҭба, Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Зураб Адлеиба, уи ихаҭыԥуаҩ Аҳмат Мартшьан.

Зураб Адлеиба Аҳәынҭқарра ахада изеиҭеиҳәеит Сириаҟа ицаз аделегациа алҵшақәа. Иара иажәақәа рыла ашықәс аҩнуҵҟа 90-ҩык рҟынӡа рыԥсадгьыл ахь ахынҳәра иазыхиоуп. Иахьазы 30-ҩык хиоуп ахынҳәразы. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ахәыҷқәагьы.
Аилакы ахантәаҩы иазгәеиҭеит аматерилалтә цхыраара шрыҭахо зхатә мчыла аара зцәуадаҩхо.

Александр Анқәаб дазҵаауан ихынҳәуа рынхаразы иаԥҵоу аҭагылазаашьа зеиԥшуроу, иара убасгьы уажәазы иҟарҵахьоу.

Зураб Адлеиба иҳәеит ԥшьымз рыҩнуҵҟа ихынҳәыз асасааирҭаҿы ишыҟазаауа, уи ашьҭахь Гҽылрыԥшь араион аҿы ауадақәа рырҭоит. Иазгәаҭоуп аԥсшәеи аурыс бызшәеи дырҵаразы акурсқәа, ахәыҷқәа ашкол ахь ицартә алшара рыҭаразы, аиҳабцәа аусура иалагартә еиԥш аҭагылазаашьа рзаԥҵаразы.

Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуҩа Иракли Хьынҭба аҳәынҭқарра ахада изеиҭеиҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Сириа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аконсултә усбарҭеи аимадара шрыбжьоу. Аконсултә усбарҭаҿы шьҭрала аԥсуаа ацхыраара рзыҟарҵоит ирызҵәырҵуа азҵаарақәа рыӡбараҿы.

Александр Анқәаб иазгәеиҭеит Сириа инхо аԥсуаа рҟынӡа ишнагатәу Аԥсны рыԥсҭазаашьазы иаԥҵоу аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Аҳәынҭқарра ахада Аԥсадгьыл ахь архныҳәразы Аҳәынҭқарратә еиалкы иадиҵеит Сириантәи аԥсуаа рырхынҳәразы аиҿкааратә усмҩаԥгатәқәа рыӡбара иалагарц азы.

Абри атәы аанацҳаует аҳәынҭқарра ахада иҿы иҟоу аинформациатә Усбарҭа.


Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа