27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Аҳәынҭқарра Ахада: аҧсуа жәлар ирызцәырҵуа апроблемақәа ҭынчмҩала аӡбара шрылшо ҩаҧхьа идырҵабыргит
570
16.12.2016 09:00
Рауль Ҳаџьымба ажәлар рахь дцәырҵны аоппозициеи атәыла анаҧхгара ахаҭарнакцәеи реиҿцәажәарақәа рылҵшәақәа ртәы еиҭеиҳәеит.
Аҟәа. Ҧхынҷкәын 16. Аҧсныпресс. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа ахыбра аҿаҧхьа еизаз ажәлар рахь дцәырҵны ауаа иҟарҵаз адгылара азы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.
“Аиҿцәажәарақәа хыркәшахеит. Сгәы иаанагоит аиҿагылара аҵыхәа ҧҵәоуп ҳәа. Иҟоуп ҳара ҳусура згәамҧхо, урҭ рацәажәара аҭахуп. Аха ҳара ииашоу амҩа алаҳхит, хра злоу аус ҳаҿуп. Сара иҟасҵо зегьы ажәлар реизҳазыҕьара иазырхоуп. Иахьа ҳара ара адгылара ҳазҭаз, Аҧсны уаҵәтәи аҧеиҧш бзиахарц азы ирылшоз зегьы ҟарҵеит”.
Рауль Ҳаџьымба еизаз ириҭаз адыррақәа рыла, уаҵәы аиҿцәажәарақәа рылҵшәақәа иашьашәалоу аусшәҟәы аҿы ишьақәырҕәҕәахоит. “Иҟоуп ҳара ҳзықәшаҳаҭхо азҵаарақәа, аха иҟоуп иара убас, зақәшаҳаҭхара алымшогьы. Аха зегьы реиҳа ихадоу алҵшәа – ҳара ҭынчмҩала азҵаарақәа зегьы рыӡбара ҳалшеит! Уаҵәы ҳара адунеи аҿы зынӡа даҽакала иҳахәаҧшуа иалагоит, избан акәзар, аҧсуа жәлар ирызцәырҵуа апроблемақәа ҭынчмҩала аӡбара шрылшо ҩаҧхьа идырҵабыргит”.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа