Ажәабжьқәа

Популярное

Аҳәынҭқарра Ахада: афымцалашара ахархәаразы ахәҧса ашьҭыхра азҵаара ықәгылаӡам

747
25.10.2016 10:25
Аҳәынҭқарра Ахада: афымцалашара ахархәаразы ахәҧса ашьҭыхра азҵаара ықәгылаӡам
Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба аенергетикатә усхкы аҿы иҟоу ауадаҩрақәа ирызкны аилатәара мҩаҧигеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 25. Аҧсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада иҿы имҩаҧгаз аилатәара аенергетикатә усхкы аҿы иҟоу ауадаҩрақәа ирызку азҵаарақәа азакәанҧҵаратә ҩаӡараҿы аӡбара иазкын ҳәа аанацҳауеит Аҧсны Ахада иофициалтә саит.

Рауль Ҳаџьымба, азакәан апроект ахәаҧшразы Апарламент ахь ацәыргара ҟалаанӡа уи апунктқәа зегьы иацклаҧшны аус адулара ахәҭоуп.

“Аенергетика азҵаарақәа мыӡбакәа, егьырҭ аусхкқәа рыҿиара ҳзалацәажәаӡом. Ҵабыргуп, уи ҳауаажәлар зыргәамҵуа имариам зҵаароуп”, – ҳәа иҳәеит Рауль Ҳаџьымба. Аҳәынҭқарра Ахада игәаанагарала, иарбоу аусхкы аиқәырхареи иахәҭоу ала аҿиареи рзы ашәахтә аҳасабала аҳәынҭқарратә биуџьет иалагалахо аҧаратә хархәагақәа аҭахуп.

Аҳәынҭқарра Ахада, иара убас, ахархәара зауа афымцамч ахәҧса ахшәаара азҵаарагьы шьҭихит. Уи, ахархәаҩцәа ирбылуа афымцамч ахәҧса ахшәаара рыдызҵо амеханизм аҧҵара хымҧадатәиуп ҳәа иазгәеиҭеит. Убри аан, Рауль Ҳаџьымба, Аҳәынҭқарра Ахадараҿы ауааҧсыра афымцамч ахархәаразы ирықәыз ауал абжа ранажьразы аӡбара рыдыркылеит ҳәа азгәеиҭеит.


“Аха иаанхаз азбжа хымҧада ишәатәуп”, – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Иара убас, Аҳәынҭқарра Ахада игәаанагарала, афымцамч ахархәаразы ирықәу аҧара зымшәо рганахьала иахьа иҟоу административтә усмҩаҧгатәқәа ишахәҭоу ала аус руӡом. Рауль Ҳаџьымба, иара убас, афымцалашара ахархәаразы ахәҧса ашьҭыхра азҵаара ықәгылаӡам ҳәа азгәеиҭеит.

Аилатәараҿы апроблема аӡбаразы адгалара зауз еиуеиҧшым авариантқәа ирылацәажәеит, урҭ иреиуоуп заанаҵтәи ашәаратә системагьы. Рауль Ҳаџьымба, ҳазҭоу аамҭазы аҳәынҭқарра абиуџьет иарбоу асистема ашьақәыргыларазы алшара амам ҳәа азгәеиҭеит.

Ахәҭакахьала, Ареспубликатә Унитартә Наплакы “Амшынеиқәафымцамч” анаҧхгаҩы Аслан Басариа, иахьатәи амш азы заанаҵтәи ашәаратә система ашьақәыргыларазы иахәҭоу аиқәыршәагақәа рыхәҧса ахьыҳараку инамаданы, уи азы алшара ыҟам ҳәа азгәеиҭеит.

Аслан Басариа иажәақәа рыла, ауал зқәу афымцамч ахархәаҩцәа аҧара дыршәара азҵаара аӡбара хымҧадатәиуп, избан акәзар, уи афымцамч ахаҭабзиара ишиашоу иадҳәалоуп.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа