Ажәабжьқәа

Популярное

Аҳәынҭқарра ахада Александр Анқәаб адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапхгара ирабжьигеит лассы-лассы ажурналистцәа ирԥылаларц, ауаажәларра рҟынӡа русура атәы аиҭаҳәаразы.

336
03.04.2013 15:15

Аҳәынҭқарра ахада Александр Анқәаб идикылеит адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгбеи уи ихаҭыԥуаҩ Иракли Хынҭәбеи, Аахыҵ Кавказ ашәарҭадаразы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы аԥсуа делегациа ахадас иҟаз.

Иракли Хынҭәба аҳәынҭқарра ахада изеиҭеиҳәеит аиԥылара алҵшәақәа. Уи иазгәеҭеит қырҭтәылатәи аган ахымҩаԥгашьа ишконструктивтәымыз, амч ахы амырхәаразы ааԥхьара апроект алацәажәаразы аилатәарахьы ишымнеиз. Хынҭәба иажәақәа рыла ари адокумент раԥхьатәи шьаҿахар алшон амч ахы амырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩраҿы.

Женеватәи аиҿцәажәарақәа рхыкәкы хадас амч ахы амырхәразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра шакәу азгәаҭоу аҳәынҭқарра ахада ибзиоуп ҳәа ахәшьара аиҭеит аԥсуа делегациа Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы алахәра. Қырҭҭәылатәи аделегациа ахымҩаԥгашьа Анқәаб иажәақәа рыла «аргументқәа ахьрымам» иахҟьоуп.

Иракли Хынҭәба иазгәеиҭеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа ирыбзоураны Аԥсны иадҳәаланы ирҳәо амцқәа шаадырԥшуа.

Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа аицхантәаҩцәа Аԥсны лассы ишаҭаауа, урҭ ирбоит атәылаҿы имҩаԥысуа апроцессқәа.

Александр Анқәаб адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапхгара ирабжьигеит атәыла анҭыҵ имҩаԥырго аусура анаҩс лассы-лассы ажурналистцәа ирԥылаларц рабжьигеит, русуара атәы аиҭаҳәаразы.

Александр Анқәаб иара убасгьы адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапхгара ирабжьигеит Аԥсни уи анҭыҵи аҵара зҵо адипломатцәа лассы-лассы ирацәажаәларц.

Александр Анқәаб иҳәеит адипломат қәыԥшцәа аус рыдулара аан инарыԥхьаларц аԥшәа ду змоу Сократ Џьынџьали Олег Дамениеи реиԥш иҟоу абри аус аҿы зҽаԥсазтәыз аусзуцҩцәа.

Аминистр аҳәынҭқарра ахада агәри ииргеит уи аусура еиҳа инарҭбааны ишымҩаԥгалахо. Уи иҳәеит адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ишеиҿкаау Адипломат ҿарацәа рхеилак.

Аҳәынҭқарра ахада уи аидеиа дадгылеит.

Абри атәы аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада иҿы иҟоу Аинформациатә усбарҭа аҟынтәи.


Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа