Аҳәынҭқарра ахада Александр Анқәаб еизҳауа абиԥара рхатәы бызшәа дырҵара зегь реиҳа ихадоу хықәкыс иԥхьаӡоит.
Аҳәынҭқарра ахада Александр Анқәаб дырԥылеит аԥсуа бызшәа аҿиара Аҳәынҭқарратә фонд анапхгар,- аанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иҿы иҟоу Аинформациатә усбарҭа.
Афонд ахада Гәында Кәыҵниаԥҳаи уи лхаҭыԥуаҩ Маиа Амҷԥҳаи еиҭарҳәеит арҵагатә сахьаркыратә литература аҭыжьразы еиҿкаау аусура атәы.
Афонд аусзуҩцәа русураҿы хықәкы хадас ирымоуп ахәыҷбаҳчақәа, ареспублика абжьаратә школқәа аиҵбыратә классқәа, ақалақьтәи ақыҭатәи библиотекақәа сахьала еиқәыршәоу зхаҭабзиара ҳараку ашәҟәқәа рыла реиқәыршәара.
Афонд иҭнажьуеит аԥсуа шәҟәыҩҩцәа ирыҩуа ашәҟәқәа рнаҩсгьы, аурыс шәҟәыҩҩцәеи аҳәаанырцәтәи авторцәеи рырҿиамҭақәа реиҭагамҭақәа, иара убасгьы аԥсшәахь ииаргоит еицырдыруа амультсахьақәа, иаздырхиоит аудио-материалқәа.
Гәында Кәыҵниаԥҳа лажәакәа рыла афонд имҩаԥнагалоит иҷыдоу асеминарқәеи аиԥыларақәеи ашкол аҿы аус зуа арҵаҩцәеи ахәыҷбаҳчақәа рааӡаҩцәеи алархәны.
Афонд ахада лхаҭыԥуаҩ Маиа Амҷԥҳа илҳәеит аҭыжьраз архиара ишаҿу «Ахәыҷтәы енциклопедиа» ҩба инаркны быжь шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа рзы.
Афонд аусура ахә ҳаракны ишьо Аҳәынҭқарра ахада ажәалагала ҟаиҵеит аусурахь ирыдрыԥхьалаларц аҵарауаа, Аԥсуаҭҵаарақәа институт аспециалистцәа, ААУ арҵаҩратә факультет аузуҩцәа.
Аԥсуа бызшәа аҿиара Аҳәынҭқарратә фонд аусура аҵакы азгәаҭо Александр Анқәаб дақәшаҳаҭхеит афонд анапхгара иҟарҵаз ажәалагала 2014ш. уи абиуџьет ацҵаразы.
«Ҳара ҳгәы иҭоуп иахьынӡалшо шәыцхраара, избанзар еизҳауа абиԥара рхатәы бызшәа дырҵара зегь реиҳа ихадоу хықәкыс иҳаԥхьаӡоит»,- иҳәеит аҳәынҭқарра ахада.





























