Аҳәынҭқарра ахада Александр Анқәаб урыстәылатәи адипломат иуацәеи иҭынхацәеи гәалсра дула дрыдашшылоит.
Иахьа ашьжьымҭан, асааҭ 8.30 рзы еиԥш Аҟәа дҭадырхеит Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәарҭа актәи амаӡаныҟәгаҩ, аконсул ихаҭыԥаҩ Дмитри Вишенриов. Ахәрақәа лоуит уи иԥҳәыс. Уажәтәи аамҭазы уи ацхыраара лзыҟарҵоит.
Иҟалаз ацәгьоура инадҳәаланы ашьауӷатә ус аартуп.
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Александр Анқәаб урыстәылатәи адипломат иуацәеи иҭынханцәеи, Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭеи гәалсра дула дрыдашшлоит.
Иахьа имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Александр Анқәаби Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориеви реиԥылара. Александр Анқәаб ари ацәгьоура бааԥсы дақәыӡбеит.
Иҟалаз ацәгьоура инамаданы Александр Анқәаб иҷыдоу аилатәара мҩаԥигеит, уи иалахәын Апрокурор хада Сафарбеи Мқанба, Аҳәынҭқарратә Шәарҭадаратә усбарҭа ахантәаҩы А. Бжьаниа, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр О. Хьециа.
Амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа ирыдҵоуп ацәгьоура аилыргаразы иҟоу атехникатәи аоперативтәи лшарақәа радԥхьалара, иара убасгьы иаҭаххозар урыстәылатәи аспециалистцәагьы.
Абри атәы ааицҳаит Аҳәынҭқарра ахада иофициалтә хаҭарнак Кристиан Бжьаниа.





























