Ажәабжьқәа

Популярное

Ажәабжьқәа

01.09.2016 12:30
Аҧыза-министр Беслан Барцыц К. Ӡиӡариа ихьӡ зху  аҳәынҭқарратә лицеи-интернат даҭааит. Аҧыза-министр аҵаҩцәа аҵарашықәс алагара амш рыдиныҳәалеит.  
01.09.2016 12:00
Абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Аҧсны аҵарадырреи аҭҵаареи рминистр Адгәыр Какоба.
01.09.2016 11:02
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи астудентцәеи адыррақәа Рымш рыдиныҳәалеит.
01.09.2016 11:00
Цәыббра 1, традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш, Аҧсны ашколқәа зегьы рҿы Аҵарадырра Амшныҳәа азгәарҭоит.
01.09.2016 09:45
Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика Ахада иааԥхьарала, Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа Ҟабарда-Балкариа аҳәынҭқарра 95 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рхы аладырхәуеит.
31.08.2016 15:02
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Ҟарачы-Черкесиатәи Ареспублика Ахада аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Рашид Темрезови реиҧылара мҩаҧысит.
31.08.2016 13:24
Аҧсны аҧыза-министр Беслан Барцыц аҳәынҭқарратә мазара анаҧхгараҭареи априватизациеи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы аколлектив алахәылацәа анаҧхгаҩы ҿыц дрыдигалеит.
31.08.2016 12:59
Жәлар Реизара-Апарламент аиҳабы Валери Бганба Ашьха-Ҟарабахтәи Ареспублика Амилаҭтә Еизара Ахантәаҩы Ашот Гулиан Ашьха-Ҟарабахтәи Ареспублика шьақәгылеижьҭеи 25-шықәса аҵра идиныҳәалеит.  
31.08.2016 12:59
Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Витали Габниа наҧхгара зиҭо Аҧснытәи аделегациа ареспублика ашьақәгылара Амш азгәаҭара иадҳәалоу аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа рылахәхаразы Ашьха-Ҟарабах инаӡеит.
31.08.2016 12:45
Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Ҟарачы-Черкесиатәи Ареспублика ақалақь Черкесск, Аиааира ашҭаҿы Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра хатәгәаҧхарала иалахәыз, уи ахақәиҭреи ахьыҧшымреи зхы ақәызҵаз аибашьцәа рбаҟа аартра иазкыз ацеремониа ихы алаирхәит.

Страницы: Пред. 1 ... 303 304 305 306 307 ... 564 След.

Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа