Аҳәынҭқарра ахада Арвелод Кәыпраа идиныҳәалеит Аҳәынҭқарратә премиа ианашьара
Аҳәынҭқарра ахада Александр Анқәаб дидикылеит апрофессор, аҭоурыхҭҵааҩ Арвелод Кәыпраа,- аарыцҳаит Аԥсныпресс ахь Аҳәынҭқарра ахада иҿы иҟоу аинформациатә Усбарҭа аҟынтәи.
«Аԥсуаа итрыдициатәым ркультура азҵаарақәа» амонографиа автор 2011 шықәсазы ианашьан Г. А. Ӡиӡариа ихьӡзху Аҳәынҭқарратә премиа.
А. Анқәаб аҵарауаҩ идиныҳәалеит апремиа ианашьара. Изеиӷьеишьеит агәабзиара. Иара иазгәеиҭеит аԥсуа наука алшара бзиақәа шамоу.
«Ҳара есымша ҳазыхиоуп аҵарауаа рыцхраара, еиҳаракаҵарауаа қәыԥшцәа, урҭаҳәаанырцә аҵара рышьҭра.Сара шәареи егьырҭ аҵаарауааи рахьаҳәара ҟасҵоитаамҭа шәамеигӡакәа аҵаруаа қәыԥшцәа азыҟашәҵаларц. Ԥхьаҟа ацарауадаҩхоит анаука аҟынтәи адгылара бзиа ҟамлар»,- иҳәеит Александр Анқәаб.
Аҳәынҭқарра ахада иара убасгьы иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра ашазыхиоу ҳаамҭа иахәо анаукатә усумҭақәа рҭыжьреи реиҭаҭыжьреи.
Арвелод Кәыпраа Аҳәынҭқарра ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит дахьидикылаз, жәалаакәымкәа, аусқәа рыла анаука дахьадгылоу азы.





























