Ажәабжьқәа

Популярное

Аҳәынҭқарра Ахада: атәылаҿы аус зуа аусбарҭақәа зегьы аҳәынҭқарратә бызшәа ахь риасра хымҧадатәиуп

511
17.10.2016 13:34
Аҳәынҭқарра Ахада: атәылаҿы аус зуа аусбарҭақәа зегьы аҳәынҭқарратә бызшәа ахь риасра хымҧадатәиуп
Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба аҳәынҭқарратә бызшәа аполитика азы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Нурбеи Ломиа дидикылеит.

Аҟәа. Жьҭаара 17. Аҧсныпресс. Аҳәынҭқарратә бызшәа аполитика азы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Нурбеи Ломиа диҧыло Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба ахылаҧшырҭа аҿаҧхьа иқәгылоу аҧсуа бызшәа аҿиара иазырхоу аусура анагӡара аметодқәа дрылацәажәеит.

Рауль Ҳаџьымба иарбоу ахырхарҭала аусеицура ахымҧадатәреи, иара убас, 2008 шықәсазы инарыгӡахьоу аусура анализ азуреи, ҳаҧхьаҟа жәашықәса инарзынаҧшуа азҧхьагәаҭақәа рышьақәыргылара. Уи, аҧсуа бызшәа аҿиаразы 2017 шықәсатәи абиуџьет аҧаратә хархәагақәа шалагалахо ҩаҧхьа иазгәеиҭеит.

Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, апроектқәа зегьы зхысраны иҟоу ҷыдала Акомиссиа аҧҵоуп.

Иара убас, Рауль Ҳаџьымба, атәылаҿы аус зуа аусбарҭақәа зегьы аҳәынҭқарратә бызшәа ахь рыиасра хымҧадатәиуп ҳәа азгәеиҭеит. “Ари аусура жәаҳәарада маҷк аамҭа ақәырӡтәхоит, аха уи анагӡара хымҧадатәиуп”, – ҳәа иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Ахәҭакахьала, аҳәынҭқарратә бызшәа аполитиказы Аҳәынҭқарра Ахада ицхырааҩ Ҭали Џьопуаҧҳа Рауль Ҳаџьымба илҭаз адыррақәа рыла, Акомиссиа ахь ахәаҧшразы инагоуп аинтерес зҵоу апроектқәа маҷымкәа. “Урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп ҳаамҭазтәи аелектронтә технологиақәа рхархәара иадҳәалоугьы”, – ҳәа азгәалҭеит Ҭали Џьопуаҧҳа.

Аҳәынҭқарра Ахада ари имариам аусура аҿы адгылара аҟаҵара дшазхиоу азгәеиҭеит

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа