Ажәабжьқәа

Популярное

Ажәабжьқәа

03.02.2017 10:59
Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, Европатәи Апарламент Европатәи Аидгылареи Қырҭтәылеи рыбжьара авизатә режим аҧыхразы иаднакылаз аӡбара инамаданы аҳәамҭа аланарҵәеит.  
02.02.2017 12:34
Братислава ақалақь аҿы имҩаҧысыз 23-тәи жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа “ITF Slovakiatour 2017” аҿы Аҧсны иазку астенд ықәыргылахеит.
02.02.2017 10:59
Италиатәи ассоциациа “Рондине - Цитадель Мира” Аҧсны атәылауаа рҟынтәи арҵаратә курсқәа рахысразы арзаҳалқәа рыдкылара шхацнарко азы аҳәамҭа аланарҵәеит.  
01.02.2017 15:15
Ахадара ахаҭарнакцәа Аҟәа ақалақь аҿы асоура ахҭыҧҟьақәа рықәгара шымҩаҧысуа атәы ажурналистцәа ирзеиҭеиҭарҳәеит.
01.02.2017 13:45
Аҧсны атәылахьчара Аминистрраҿы Аҧсны Арбџьармчқәа анаҧхгараҭаратә еилазаара аилатәара мҩаҧысит. Уи мҩаҧигеит ар аинрал, атәылахьчара аминистр Мираб Кьышьмариа.
01.02.2017 13:12
Ацәыргақәҵатә зал Хада ахыбраҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаҧгара ашьҭахь, азал, шәагаала иҭбаау аекспозициақәа рықәыргылареи еиуеиҧшым апроектқәа рынагӡареи рзы иманшәалахеит.  
01.02.2017 12:30
“Аҧсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы” ахеилак Ҭҟәарчал ақалақь аҿы иҟоу аҟәша ахаҭарнакцәа Алеқсандр Анқәаб Жәлар Реизара-Апарламент ахь алхрақәа рҽалархразы иҽазышәара  инамаданы аҳәамҭа аладырҵәеит.
01.02.2017 11:58
Аполитикатә Партиа  “Идемократтәиу Аҧсны”  аполитикатә хеилак Алеқсандр Анқәаб Жәлар Реизара-Апарламент ахь алхрақәа иҽалархәра  инамаданы аҳәамҭа ҟанаҵеит.

Страницы: Пред. 1 ... 265 266 267 268 269 ... 564 След.

Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа