Ажәабжьқәа

Популярное

Аҳәынҭқарра Ахада Гәылрыҧшь араион ахада дшьақәирӷәӷәеит

75
15.05.2020 13:40
Аҳәынҭқарра Ахада Гәылрыҧшь араион ахада дшьақәирӷәӷәеит
Араион анапхгара анагӡара иациҵоит уажәы аус зуа Администрациа ахада Аслан Бараҭелиа.

Аҟәа. Лаҵарамза 15. Аҧсныпресс. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Гәылрыҧшь араион Администрациаҟны аусуратә еиҧылара мҩаҧигеит. Атәыла анапхгара иаднакылаз азыӡбала, уажәы аус зуа Администрациа ахада Аслан Бараҭелиа араион анапхгара ишациҵо азы адырра ҟаиҵеит. Абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә саит.

Убри аан, Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит: “Сгәы иаанагоит, Аслан Иури-иҧа, аҳәоуеиқәшәарала еиҿкаау араион ауааҧсыра реизҳазыӷьара иазку шәусура иацҵахоит ҳәа”.

Аслан Бжьаниа инаҵшьны иазгәеиҭеит Гәылрыҧшь араион милаҭрацәала еилоу раионны ишышьақәгылаз, аамҭақәа зегьы раан аиҩызареи аҳәоуеиқәшәареи еиднакылоз амилаҭқәа шықәынхоз. Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, аекономикаҟны иҟоу ауадаҩрақәа ҳасаб рзуны, акороновирус ҿкы чымазара убрахь иналаҵаны, атәыла анапхгара араион аҟны аграртә сектор арҿиара хықәкыс ишамоу.

Аҳәынҭқарра Ахада атәылаҟны иҟоу асоциалтә-економикатә ҭагылазаашьа далацәажәеит, иара абри инамаданы, аҳәынҭқарра ааигәатәи азҧхьагәаҭақәа дазааҭгылеит.

Ахәҭакахьала, змаҵураҿы ҩаҧхьа ишьақәырӷәӷәаз Гәылрыҧшь араион Администрациа Ахада Аслан Бараҭелиа Аслан Бжьаниа ииҭаз агәрагаразы иҭабуп ҳәа еиҳәеит. Иазгәеиҭеит, араион Администрациаҟны аус шыруа зраион згәы азыбылуа апрофессионалцәа.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа