Ажәабжьқәа

Популярное

Аҳәынҭқарра Ахада иалкаау азакәанҧҵаратә шәҟәынҵақәа рынагӡара иазкны аусуратә еилатәара мҩаҧигеит

825
29.03.2016 11:41
Аҳәынҭқарра Ахада иалкаау азакәанҧҵаратә шәҟәынҵақәа рынагӡара иазкны аусуратә еилатәара мҩаҧигеит
Абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә саит.

Аҟәа. Хәажәкыра 29. Аҧсныпресс. Ахәҭакахьала, аилатәара аҿы амиграциатә хылаҧшра амҩаҧгара аҩаӡара аҳаракра, аҳәаанырцәтәи атәылауаа рвизатә маҵзура иадҳәалоу аусмҩаҧгатәқәа реиҿкаара, иара убас, Ареспублика Аҧсны атәылауаҩра зырҵабыргуа аусшәҟәы иҿыцу ахкы ауааҧсыра рыҭара иазку аусура анагӡашьа, уҳәа рызҵаарақәа ирылацәажәеит.

Аилатәара рхы аладырхәит Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент аиҳабы Валери Бганба, Аҧсны Ахада Иусбарҭа анаҧхгаҩы актәи ихаҭыҧуаҩ Дмитри Шамба, атәыла аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Шамиль Аӡынба, Амилаҭтә Банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа, аминистррақәеи ахылаҧшырҭақәеи рхадацәа.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа