Ажәабжьқәа

Популярное

Аҳәынҭқарра Ахада урыстәылатәи агроааглыхратә цәыргақәҵа “Ихьыҧшшәылоу ҭагалан–2016“ аҿы аиааира згаз анаплакыҩцәа идикылеит

587
13.10.2016 15:08
Аҳәынҭқарра Ахада урыстәылатәи агроааглыхратә цәыргақәҵа “Ихьыҧшшәылоу ҭагалан–2016“ аҿы аиааира згаз анаплакыҩцәа идикылеит
Аҧсны Аҳәынҭқарра аекспозициа а-18-тәи урыстәылатәи агроааглыхратә цәыргақәҵа “Ихьыҧшшәылоу ҭагалан –2016“ аҿы абар ҧшьынтәны Гран-при агара рылдыршеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 13. Аҧсныпресс. Лана Ҵәыџьҧҳа. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба урыстәылатәи агроааглыхратә цәыргақәҵа “Ихьыҧшшәылоу ҭагалан – 2016“ аҿы аиааира згаз анаплакыҩцәа идикылеит.

Аиҧылара аартуа, Рауль Ҳаџьымба аҧснытәи аделегациа иргаз аиааира рыдиныҳәалеит. "Ари аихьӡара ҳаракы жәаҳәарада зегьы гәахәарыла иҳадаҳкылеит”, – ҳәа инаҵшьны иазгәеҭеит Рауль Ҳаџьымба.

Ахәҭакахьала, Урыстәылатәи Афедерациа аҿы Аҧсны ахәаахәҭра Ахаҭарнакра аиҳабы Олег Барцыц аҳәынҭқарра Ахада ацәыргақәҵа алҵшәақәа рзы адыррақәа ииҭеит. Убас уи иажәақәа рыла: “Ҳара ҳаарыхыҩцәа ҩаҧхьа аҧснытәи аалыҵ екологиала ишыцқьоу, хаҭабзиарала ишыҳараку шьақәдырҕәҕәеит. Ацәыргақәҵаҿы заалыҵ раҧхьаӡа акәны адгалара мҩаҧызгоз анаплакыҩцәа рхыҧхьаӡара, иааизакны уахәаҧшуазар, 2 нызқь инареиҳан. 31 инарзынаҧшуа аҧсуа брендқәа амедалқәа рыла иалкаан. Урҭ рахьынтә 14 “ахьтәы” медал ранашьан”, – ҳәа иҳәеит Олег Барцыц.

Ахәҭакахьала, Аҧсны аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба, Аҧсны 2017 шықәсазы аекономикатә ҿиара Апрограмма шеиқәыршәоу азы адырра ҟаиҵеит. “Аҳәынҭқарра иарбоу аплошьадка адагьы егьырҭ аиҧш-зеиҧшу аҭыҧқәа рҿы ахатә продукциа адгаларазы алшарақәа раҧҵара иадҳәалоу ахарџь ахахьы иагоит”, – ҳәа азгәеиҭеит аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.

Аиҧылара хыркәшо, Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба, 2017 шықәсазы Аҧсны ақыҭанхамҩа Аминистрра иамоу афинанстә лшарақәа акырынтә еизырҳахоит”, – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа