Ажәабжьқәа

Популярное

Аҳәынҭқарратә комиссиа Владислав Арӡынба диижьҭеи 75-шықәса аҵра инамаданы аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа шьақәнарӷәӷәеит

77
15.05.2020 13:27
Аҳәынҭқарратә комиссиа Владислав Арӡынба диижьҭеи 75-шықәса аҵра инамаданы аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа шьақәнарӷәӷәеит
Ари аӡбамҭа рыдыркылеит Аҳәынҭқарратә Комиссиа аилатәара аҿы.

Аҟәа. Лаҵарамза 15. Аҧсныпресс. Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа ихантәаҩрала Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи 75-шықәса аҵра инамаданы аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа реиҿкаареи рымҩаҧгареи рзы Аҳәынҭқарратә Комиссиа аилатәара мҩаҧысит. Аилатәара аҿы иарбоу арыцхә азгәаҭара иазкны имҩаҧгахо аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа шьақәырӷәӷәан.

Убас, Акомиссиа аӡбамҭа ала, азҧхьанҵа ҟаҵоуп:

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭеи аминистрцәа Реилазаара Аппарати, ҭагалан, 2020 шықәса рзы Владислав Арӡынба диижьҭеи 75-шықәса аҵра инамаданы аныҳәатә еилатәара аиҿкаареи амҩаҧгареи рзы азҧхьанҵа ҟаҵоуп.

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә Усбарҭа “Аҧснытәи аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра” ашықәс иалагӡаны адокументалтә фильм “Владислав Арӡынба” арбара; онлаин-режим ала еицырдыруа ауаажәларра-политикатә усзуҩцәа рааҧхьарала Владислав Григори-иҧа Арӡынба изку аиҧыларақәеи аиҿцәажәарақәеи реиҿкаара азҧхьагәанаҭароуп. Рашәарамза 1, 2020 шықәсанӡа Владислав Арӡынба иҧсҭазааратә мҩеи иусуреи ирызку авидеоматериалқәа анаҩс Аҧсны Аҳәынҭқарра архивтә Усбарҭа аҿы ашьҭаҵара азы ҳаамҭа иақәшәо ала реиқәыршәара.

Акультура Аминистрра аҟны иҟоу аҳәынҭқарратә Усбарҭа “Ф. А. Искандер ихьӡ зху аҳәынҭқарратә драматә аурыс театр” ҭагалан, 2020 шықәсазы ателеспектакль “Московские переговоры 3 сентября 1992 года” ақәыргылареи арбареи реиҿкаара азы азҧхьанҵа ҟаҵоуп.

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә Усбарҭақәа “Аҧсныпресс”, “Агазеҭ “Республика Абхазия” Аҭыжьырҭа,  “Агазеҭ ”Аҧсны” Аредакциа,  ашықәс иалагӡаны Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи 75-шықәса аҵра инамаданы, В. Г. Арӡынба иҧсҭазааратә мҩеи иусуреи аҧсуа жәлар рзы ҵакыс иамаз зныҧшуа аматериалқәа рҭыжьра азы азҧхьанҵа рыҭоуп.

Аҧсны акультура  Аминистрра, уаанӡа аминистрцәа Реилазаара аҟны иҟоу амонументалтә ҟазара азы аҳәынҭқарратә Комиссиа  аӡбамҭа ала ирылаҳәаз, Аҟәа ақалақь аҿы В. Г. Арӡынба ибаҟа азы иреиӷьу апроект азы аконкурс ҧхынҷкәынмза 30, 2020-нӡа ацҵара.

Аҧсны аҵарадырреи абызшәатә политикеи Рминистрра ҭагалан, 2020 шықәсазы Аҧсны аҵараиурҭақәа рҿы Владислав Арӡынба диижьҭеи 75-шықәса аҵра инамаданы, Аҧсны Актәи Ахада иҧсҭазааратә мҩеи иусуреи зныҧшуа аныҳәатә аусмҩаҧгатәқәа рыплан адгалара мҩаҧнагароуп.

Аҧсны аминистрцәа Реилазаара Аппарат 2020 шықәсазы агәаларшәагатә ҧсарқәа “Арӡынба В. Г. 75 шықәса” аҭыжьразы Аҧсны Амилаҭтә Банк ахь азыҳәамҭа аҟаҵаразы азҧхьанҟа ҟаҵоуп.

Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиеи, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху агуманитартә ҭҵаарақәа ринститути, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә Университети, ҭагалан, 2020 шықәсазы атема: «В. Г. Арӡынба аҵарауаҩ, аполитик иаҳасабала” ала жәларбжьаратәи аконференциа амҩаҧгаразы азҧхьанҵа ҟаҵоуп.

Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы Аҧсны Аҳәынҭқарратә Еилакы лаҵарамза 31, 2020 шықәса рҟынӡа аҳәаанырцә иҟоу ҳџьынџьуаа аиубилеитә усмҩаҧгатәқәа рылахәхара азы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа раҧҵара иазку ажәалагалақәа реиқәыршәареи рыдгалареи азы азҧхьанҵа ҟаҵоуп.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа