27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Аҳәынҭқарратә стандарт: атуризм аусхкы знапы алаку аҳәынҭқарратә сектор иаҵанакуа анаплакқәа рматериалтә-техникатә база ажәит
597
17.08.2015 10:18
Иун 22 инаркны август 12-нӡа 105 обиект аҿы агәаҭара мҩаҧган.
Аҟәа. Август 17. Аҧсныпресс. Астандартқәеи ахархәаратәи атехникатәи хылаҧшра азы Аҳәынҭқарратә еилакы, “Атуристцәа ирыдҳәалоу амаҵзуратә усмҩаҧгатәқәа асертификациа аҭара аҧҟарақәа” ҳәа Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара иаднакылаз Ақәҵара инақәыршәаны, акурорти атуризми рзы Аминистрра алархәны атуристцәа асасааирҭақәеи асанаториақәеи уҳәа иахьаанкыло аҭыҧқәа асертификациа рзура иадҳәалоу аусмҩаҧгатәқәа еиҿнакааит.
Иун 22 инаркны август 12-нӡа 105 обиект аҿы агәаҭара мҩаҧган. Раҧхьаӡа акәны асертификациа аамҭак ала атехникатәи аенергетикатәи хылаҧшырҭа ахаҭарнакцәа алархәны имҩаҧган.
Аобиектқәа ашьашәалара ахәшьара аҭара акритериақәа ргәыҧ ала имҩаҧысуан: анормативтә-зинтә усшәҟәқәа рыла аиқәыршәара; азеиҧш хархәаратә обиектқәеи, еиуеиҧшым амаҵзуратә уадақәеи рсанитартә ҭагылазаашьа аҩаӡара аҳаракра, иара убас, асасааирҭатә уадақәа атехникатә маҭәахәи аҩнымаҭәеи, уҳәа рыла аиқәыршәареи, аҧсшьарҭаҭыҧқәеи, уи иаҵанакуа атерриториеи аӡҭаларҭақәеи, аенергетикатә нхамҩеи асасцәа ршәарҭадара аиҿкаареи, уҳәа атуристцәа рыҧсшьара зырманшәало ауснагӡатәқәа реиҿкаара.
Агәаҭарақәа раан ари аусхкы аҿы абас еиҧш ихадароу аилагарақәа аарҧшуп.
1. Аобиект ахархәарахь анашьҭра азы иахәҭоу анормативтә-зинтә усшәҟәқәа рыҟамзаара;
2. Асасааирҭатә ҩны астандарт амамзаара;
3. Атуристцәа ахьаанкыло аҭыҧқәа рҿы еиҿкаау азеҧш крыфарҭақәа русура амҩаҧгараҿы анормативтә-зинтә база аҿы аилагарақәа рыҟазаара;
4. Атуризм аусхкы знапы алаку аҳәынҭқарратә сектор иаҵанакуа анаплакқәа иажәызрматериалтә- техникатә база.
Аҧсны аҳәынҭқарра аекономикатә ҿиара аҿы атуризм иадҳәалоу аусхкы ихадароу икакәны иахьыҟоу инамаданы,Аҧсны аҳәынҭқарратә Стандарт акурорти атуризми Рминистрра алархәны “Аҧсны атуристцәа рыдкылара ахархәагақәа иаку аклассификациатә система” ҳәа хыс измоу апроект аиқәыршәара азҧхьагәаҭаны ирымоуп.
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа





























