Ажәабжьқәа

Популярное

Аӡыргаҭаҩҵәа ишьақәырӷәӷәоу аԥҟаррақәа рықәымныҟәаразы аҭакԥхықәра рыдҵахоит, ҳәа иаанацҳауеит Аҟәа ақалақь Ахадара

496
17.02.2015 18:30
“Ақалақь амҩадуқәа рыҟны аплакатқәеи, абаннерқәеи, аҩыракнаҳақәеи  рышьақәыргылара иазкәу аԥҟаррақәа аԥҵоуп, урҭ рыҟәныҟәарагьы ахәҭоуп”,- лҳәеит Асҭанда Гыцԥҳа.

Ақалақь Аҟәа. Февраль 17. Аԥсныпресс. Ахыбрақәа рҿы аҩыракнаҳақәеи адәахьтәи аӡыргареи ишахәҭоу еиҿкааны аҟаҵареи – Аҟәа ақалақь  ахадара аӡыргареи, аинформациеи, ақалақь архиареи рзы Анаԥхгараҭара ари аус анагӡара ахахьы иагеит. Уи анаԥхгаҩы Асҭанда Гыцԥҳа лажәақәа рыла, аӡыргаҭаҩцәа ишьақәырӷәӷәоу аԥҟаррақәа рықәымныҟәаразы аҭакԥхықәра рыдҵахоит.

“Иахьа уажәраанӡа  аӡыргаратә ԥыракқәеи еиуеиԥшым  аҩыракнаҳақәеи  рышьакәыргылашьа иалкаау ауаа рсубиективтә гәаанагара иақәшәо акәын ишыҟаз. Иахьазы,ақалакь ахыбрақәеи уи амҩадуқәеи рҿы иҟало аӡыргара  зеиԥшрахоуи ,уи азы иалххо аҭыԥи уҳәа ирызкны аконцепциа ҿыц аԥҵоуп. Иҟоу Аԥсны азакәанԥҵара анагӡара инақәыршәаны, аҳҭнықалақь иахьаҵанакуа , уи иашьашәалоу азин аиура ада адәахьтәи аӡырга шьақәзыргылаз аиурист хаҿы змоуи, хаҭалатәии анаплакыҩцәеи рахь  Апрель 1, 2015 шықәсанӡа,  зыӡбахә ҳамоу азин аиуразы Аҟәа ақалақь Ахадараҿы инеирц шрыхәҭоу азы адырра ҟаҳҵоит. Уи змам,  атәылауаҩра зинтә такԥхықәра идҵахоит”, - ҳәа азгәалҭеит Асҭанда Гыцԥҳа.

Аматериал Аҟәа ақалақь Ахадара аинформациатә Ҟәша иазнархиеит

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа