Ажәабжьқәа

Популярное

Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Аҧсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаҧшь Акомитет амиссиа ахада Мауро Морабито дидикылеит

513
12.10.2016 10:43
Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Аҧсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаҧшь Акомитет амиссиа ахада Мауро Морабито дидикылеит
Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Беслан Ешба Аҧсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаҧшь Акомитет амиссиа ахада Мауро Морабито дидикылеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 12. Аҧсныпресс. Лана Ҵәыџьҧҳа. Аҧсны аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Беслан Ешба, аиҧылара аартуа, Аҧсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаҧшь Акомитет амиссиа ахада Мауро Морабито иҭахаз ауаа рыҧсыбаҩ аҧшаареи урҭ рхаҭарақәа ашьақәыргылареи иадҳәалоу аусура амҩаҧгараҿы ацхырааразы ҭабуп ҳәа еиҳәеит. “Ари даара хра злоу усуроуп. 2013 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа зымҽхак ҭбаау аусура мҩаҧган. Аха уи аҿы аанкылара ҟалаӡом, избан акәзар, 1992-1993 шш. аибашьраан хабарда ибжьаӡыз ауааҧсыра макьаназы иҟоуп”, – ҳәа иҳәеит Беслан Ешба.

Беслан Ешба, Аҧсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаҧшь Акомитет ақырҭуа ган алархәны имҩаҧнаго аиҧыларақәа рҿы ируа аинформациа аиашаразы азҵаара ақәыргылара хымҧадатәиуп, ҳәа азгәеиҭеит. “Иарбоу ашықәс иалагӡаны Шәара еиуеиҧшым аусмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгара шәҽазышәшәеит, аха, рыцҳарас иҟалаз, урҭ рылҵшәа акыр имaҷын”, – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аҧыза-миниcтр ихаҭыҧуаҩ.

Мауро Морабито иганахьала, аусура ацҵара дшазхио азгәеиҭеит. “Аҧсны аминистрцәа Реилазаара аҿы иҟоу хабарда ибжьаӡыз рыҧшаара азы Акомиссиа аусеицура иҟоу аҭагылазаашьа шьаҭанкыла иаҧсахит. Аусеицура иабзоураны, хыҧхьаӡара рацәала еиуеиҧшым азҵаарақәа рыӡбара алыршахеит”, – ҳәа иҳәеит Мауро Морабито.

Убри аан, аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Беслан Ешба, атәыла анаҧхгара иарбоу аусура анагӡараҿы адгылара анаҭалоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа