Ажәабжьқәа

Популярное

ААУ аҿы “Бзиала Ҭагалан” ҳәа аҽаҩра аныҳәа мҩаҧысит

655
29.11.2016 15:19
ААУ аҿы “Бзиала Ҭагалан” ҳәа аҽаҩра аныҳәа мҩаҧысит
Аҽаҩра аныҳәа ААУ афилологиатә факультет астудентцәа еиҿыркааит.

Аҟәа. Абҵарамза 29. Аҧсныпресс. Мадина Чагәааҧҳа. Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Университет афилологиатә факультет астудентцәа, ҭагалан наскьаго, аҽаҩра аныҳәа азгәарҭеит. ААУ астудентцәеи асасцәеи аныҳәатә программа рыдгалан, иара убас, изҭахыз зегьы астудентцәа рнапала иҟарҵаз амилаҭтә чыс агьама рбар рылшон.

Афилологиатә факультет адекан ихаҭыҧуаҩ Рита Ачба Аҧсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иазгәалҭеит: “ААУ аҿы “Бзиала ҭагалан” ҳәа аныҳәа есышықәса, абҵарамзазы имҩаҧыргоит. Афатә хкқәа ргьама абара адагьы, ҳастудентцәа аинтерес зҵоу аныҳәатә программа асасцәа ирыдыргалоит. Иахьатәи аусмҩаҧгатә алҵшәақәа рыла, афилологиатә факультет анаҧхгараҭара аиааира згаз алнакаауеит”.

Убри аан, аныҳәа аиҿкааҩцәа руаӡәы, аурыс бызшәа акафедра арҵаҩы Викториа Быҭәба иазгәалҭеит: “Ҳара аурыс бызшәа акафедра ахьӡала ҳахьықәгыло инамаданы, ҳастудентцәеи ҳареи аусрыс милаҭтә стиль ала ақәгылара ҳаӡбеит. Зегь ҳахшыҩ еилаҵаны, апрограмма шьақәҳаргылеит. Иара убас, аныҳәа рхы аладырхәит Шьамтәылантәи иааз астудентцәагьы. Урҭ арабтәи акультуреи ачысқәеи рӡыргара мҩаҧыргоит”.

15300483_1695997227378352_1661119761_n.jpg
 
Ахәҭакахьала, аҧсуа бызшәеи алитературеи ркафедра аҩбатәи акурс астудентка Алиса Арутинова абас еиҧш аҳәамҭа ҟалҵеит: “Ҳара еиуеиҧшым аҧсуа чыс хкқәа ҟаҳҵеит, амилаҭтә шәҵатәы, акәашарақәа, ашәаҳәарақәа, иара убас, ақәгыларақәа ахәаҧшцәа дырбара ҳгәы иҭоуп. Ақәгыларақәа руак– Миха Лакрба иновелла “Ҩ-шәык” аҟынтәи иаагоуп. Иара убас аҭаца лаагара иадҳәалоу қәгылара хәыҷык ахәаҧшцәа идҳарбоит”, – ҳәа еиҭалҳәеит Алиса Арутинова.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа