ААУ аректор Алеко Гәарамиа МГУ апрофессор ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп.
М. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи Аҳәынҭқарратә Университет Аҵаратә хеилак аӡбамҭа инақәыршәаны Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет аректор Алеко Гәарамиа МГУ апрофессор ҳәа аҭаҭыртә хьӡы ихҵоуп.
Аҵаратә хеилак иҟанаҵаз аӡбамҭа атәы иҳәеит МГУ аректор Виктор Садовничии ААУ аҿы нанҳәамза 12 рзы имҩаԥысыз аиԥылараҿы, аанацҳауеит Аԥсуа телехәаԥшра. Аиԥылара иалахәын аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Страничкин, Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Станислав Лакоба, аҵара аминистр Даур Наҷҟьебиа, адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Хынҭәба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев, Белоруссиатәи Аҳәынҭқарратә Университет аректор Сергеи Абламеико.
1989 ш. инаркны Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аректорс иҟоу Алеко Гәарамиа 100-кьыԥхьымҭак инареиҳаны икьыԥхьхьеит еиуеԥшым атәылақәа иреиӷьӡоу аматематикатә ҭыжьымҭақәа рҿы.





























