27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
ААУ астудентцәа “Аекономикеи Китаитәи жәлартә дипломатиеи” ҳәа хыс измоу алекциа ирзаҧхьараны иҟоуп
679
31.10.2016 12:00
ААУ аҿы аусеицуреи аимадареи Реилазаара “Урыстәыла–Мрагыларатәи Европа–Ацентралтә Азиа” ахантәаҩы, Китаитәи Жәлартә Республика иҟоу аҳаҭыр зқәу Аҧсны Аконсул Гэ Чжили алекциақәа дрыҧхьоит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 31. Аҧсныпресс. Аусеицуреи аимадареи Реилазаара “Урыстәыла –Мрагыларатәи Европа – Ацентралтә Азиа” ахантәаҩы, Китаитәи Жәлартә Республика иҟоу аҳаҭыр зқәу Аҧсны Аконсул Гэ Чжили Урыстәылатәи Афедерациа Привожтәи Афедералтә округ аҿы Аҧсны Аконсул Владимира Литвинчуки Аҧсныҟа русуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Университет астудентцәа “Аекономикеи Китаитәи жәлартә дипломатиеи” ҳәа хыс измоу алекциа ирзаҧхьараны иҟоуп. Абри атәы Аҧсныпресс иазаанацҳауеит Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Уи аҧхьа, Аҧсны асасцәа атәыла адәныҟатәи аусқәа Рмнстрра аҿы иарбоу ахылаҧшырҭа ахада ихаҭыҧуаҩ Кан Ҭаниа иҧылеит. Аиҧылараҿы Аҧсни Китаитәи Жәлартә Республикеи рыбжьара аекономикатә, агуманитартә, акультуратә усеицура абжьаҵаразы аусуратә гәыҧ аҧҵареи, иара убас, Аҟәа ақалақь аҿы ахәыҷтәы поликлиника ашьаҭала ахәыҷтәы гәабзеирачаҧарҭатә центр аҧҵареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Иара убас, Кан Ҭаниеи Владимир Литвинчуки ааигәа иҟалараны иҟоу, Нижегородтәи аобласть агубернатор В. П. Шанцеви Чуваштәи Ареспублика ахада М. В. Игнатьеви Аҧсныҟа раара инамадоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.
Аганқәа аамҭа кьаҿ иалагӡаны иҟоу азҧхьагәаҭақәеи, егьырҭ, аҩганк ирзеиҧшны ахшыҩзышьҭра зырҭо азҵаарақәеи маҷымкәаны ирылацәажәеит.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа